Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дагаргәылиа ашьха еиқәдырхаз атуристцәа рзы: рразҟы иакит аҭел иасыртә иахьыҟалаз

© Foto / предоставил Сандро Дагаргулиа Сандро Дагаргулиа
Сандро Дагаргулиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аиқәырхаратә-аԥшааратә гәыԥ аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Сандро Дагаргәылиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашьхараҟны асы иҭанасыз ҩыџьа аурыс ԥсшьаҩцәа ацхыраара шрырҭаз.
Дагаргәылиа ашьха еиқәдырхаз аурыс туристцәа рзы: рразҟы иакит аҭел иасыртә иахьыҟалаз

"Аҭел ала адырра ҳауит ҩыџьа атуристцәа Цандрыԥшь ахахьы Ҳашԥсы асы ишҭанакыз. Хымш раҟара асы иҭакны иаман. Ҩымш аоперациа мҩаԥысуан, иаразнак ҳзымнеиӡеит, асы рацәаны ишьҭан. Аҩбатәи амш азы ашьыжь асааҭ 5 рзы асы рпо 15 километра ҳцеит. Ҳахьнеиз руаӡәы ишьапқәа хәыҷык иҵаахьан, аха ргәалаҟара бзиан. Аԥхьатәи амедицинатә цхыраара иҭаны илбааҳгеит, аҳәааҟны иганы иоуҳашьҭит. Ҳәарада, ауаа даара рхы иақәгәыӷуеит. Аминистрраҟны иахьцо ркоординатақәа ҳарҭар, шаҟа мшы ицо ҳәа адырра ҟарҵар, ианыхнымҳәлак ҳрызцоит. Ианцо иара убас ианаалак адырра ҳарҭароуп", - азгәеиҭеит Дагаргәылиа.

Шәазыӡырҩа аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0