"Сара сыпрактиҟаны аковид чмазара зхызгаз, уи ада даҽа чмазарак рзыннажьыртә еиԥш сԥыхьамшәацт. Егьыс дара ирымаз ачымазарақәа ихьанҭаны ицоит. Атест анҳаулак аковид-чмазара рымамҳәа ргәы ҳахылаԥшуеит, ршьақәыӷәӷәара ҳацклаԥшуеит, рыхәшәқәа иржәуа ҳарҽеиуеит, ашьақар чмазара змоу гәаҳҭоит. Зықәрахь инеихьоу еиҳарак даҽа уадаҩрак роуеит антибиотикқәа рышьҭахь ркьатеиқәа русураҟны. Убри аҟынтәи абактериақәа- апробиотикқәеи апребиотикқәеи рзацаҳҵоит рыхәшәтәраҟны. Ианаамҭоу ахәшәқәа рзылыҩҩааны ажәра иалагар, ахәшәтәра бзианы ицоит", - лҳәеит Лакербаиа.
Лара иазгәалҭеит хәышәҩык инареиҳаны ҭелла абжьгарақәа шрылҭоз аҽыхәшәтәразы COVID-19 аҟынтәи.
"Уи даара ицәгьоуп, хыџьара аус зуеит, ҩыџьара есҽны ашьыжь инаркны шьыбжьонынӡа, анаҩс аполиклиника аҟны аус зуеит. Ҭелла исзасуа аҭак ансызрымҭалак, аҩны саннеиуа сырзасуеит", - лҳәеит Лакербаиа.
Шәазыӡырҩа аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
"Араион ахада иусԥҟала қыҭацыԥхьаӡа амаинерцәа рызҵаара аӡбаразы ақыҭақәа ахадацәа адҵа рыҭоуп. Уи адагьы дара рнапы иануп аҿкы чымазара аламырҵәаразы аԥсрақәа рҿы ашьаԥақәа ргыланы ауаа рыртәара аҵыхәа ԥҵәазарц. Аҭакԥхықәрақәа зегьы ақыҭа ахада идуп, ацхыраара иҭаххозар, араион аҟынтә ҳазыхиоуп. Адҵақәа анынамыгӡаха, досу иусураҟынтә ихы дақәиҭтәхоит ҳәа адырра ҳарҭеит, иара убас амаинингқәа рхаҭақәа раҿыхра адагьы, "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа неины ацәаҳәақәа хырҵәарцаз. Иаарласны ақыҭақәа рхадацәеи ҳареи, абыргцәа рхеилак ахаҭарнакцәеи қыҭацыԥхьаӡа аизарақәа рымҩаԥгара ҳгәы иҭоуп. Аминингқәа змоу ҳрыҿцәажәоит, идеилҳаркаауеит аҭагылазаашьа ишьақәгылаз атәы, ари азҵаара аӡбараҿы ҳаԥсуарагьы ааҳарԥшыроуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны ахада мчыбжьык аамҭа риҭеит афымцалашара ахархәара аларҟәразы
Бжьаниа афымцамч ахархәара аларҟәразы аштабқәа аԥҵазарц адҵа ҟаиҵеит - авидео
Бжьаниа Аԥсны аенергетика аусхк аҟны узыцәшәаша аҭагылазаашьа ыҟоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит
"Хықәкыла усқәак мҩаԥаҳгоит ҳҳәаргьы ииашахом. Аҟәа ақалақь ахадараҿы имҩаԥысит аизара, ари азҵаарала, уи иалахәын аҩнусбарҭақәа рхадацәа. Иара идҵала амаинингқәа ззықәгылоу ӡәыр даҳдыруазар, информациак раҳҭарц. Аха уи ашьақәыргылара цәгьоуп, избанзар, ажәлар ааины анхацәа ани имоуп ари имоуп ҳәа аӡәгьы дашшауам, аинформациагьы ҳаиҭом. Дара рыԥшаара ус имариам, уахьнеиша узымдыруазар, шьаҭанкыла зегь аимдара уигьы цәгьоуп. Иҳаҳауазаргьы уи уҳәансҳәанлоуп. Ҳара ҳнеиргьы иҳамаӡам азин уи аҿыхра, харак идҵара. Иаартны иаҳҳәозар, ацьгьа ҳҳәароуп - убриоуп ҳара ҳзызку. Ҳара ҳусбарҭа урҭ аусқәа ирызкым, иаартны усҳәоит, хықәкыла акы ҳаҿуп ҳәа шәасҳәар, мцуп", - ҳәа иҳәеит Қапба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik. Аусура зылшо Аԥсны атәылауаҩ ажьырныҳәа 1, 2021 шықәсазтәи аҭагылазаашьала ихныҟәгаратә минимум иартәеит 7398,6 мааҭ ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа.
Ахныҟәгаратә минимум рахь иаҵанакуеит 5060,7 мааҭ рыхә афатә-ажәтә, акрыфара иадҳәалам атауарқәа 1450,1 мааҭ рыхә, ашәахтәқәеи ихымԥадатәиу ашәарақәеи – 887,8 мааҭ рыхә.
Иазгәаҭоуп ииасыз ашықәс азы ишьақәыргылаз ахныҟәгаратә минимум иаҿырԥшны, сынтәатәи 4,6 процент рыла ишеиҳахаз.
Аҳәынҭстатистика иара убас ицәырнагеит хаз игоу афатә-ажәтә хкқәа 2019-2020 шықәсқәа рзы иҟаз рыхәԥса ахьарбоу атаблица.