Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габниаԥҳа: ашаԥсыӷцәа ахеиқәырхаразы рыхдырра иацрымҵозар иагрыжьуам

© Sputnik / Томас ТхайцукЦира Габния
Цира Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амшын Еиқәа аҿықә иаԥну адыгаа- ашаԥсыӷцәа рмилаҭ аиҭаҿиара иамшны ирылаҳәан ԥхынҷкәын 1, 1990 шықәса. Афольклорист, аетнолог Цира Габниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит иахьазы ашаԥсыӷаа рҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Габниаԥҳа: ашаԥсыӷцәа ахеиқәырхаразы рыхдырра иацрымҵозар иагрыжьуам

Лазаревское аҳаблаҟны 30 шықәса раԥхьа имҩаԥысит Амшын Еиқәа аҿықә иаԥну адыгаа- ашаԥсыӷцәа раԥхьатәи аизара ду, уаҟа 1945 шықәсазы иқәгаз Ашаԥсыӷцәа рмилаҭтә раион аиҭашьақәыргыларазы Адекларациа рыдыркылеит. Аизара аделегатцәа ражәалагалала ԥхынҷкәын акы 1990 шықәса Шаԥсыӷтәыла аиҭаира иамшны иԥхьаӡазарц азыӡбан.

"Ашаԥсыӷцәа адыга жәлар рмилаҭ иахәҭакуп, ахҵәара ду иақәшәаанӡа (азеижәтәи ашәышықәсазы Ҭырқәтәылаҟа ахырҵәара- аред.) зегь раасҭа ирацәаз ҳәа иԥхьаӡан. Атрагедиа ашьҭахь рхыԥхьаӡара акыр имаҷхеит. Ирылиааз аҵеицәа хазынақәа, Руслан Гәашев аԥхьа днаргыланы, рыԥсадгьыл аҟны ахеиқәырхара даара аус адырулон. Дара рҵакырадгьылқәа областк аҳасабала амшын аҿықәан аҟалара акыр иазықәԥеит, аха уи азҵаара макьана иазымиааит. Аԥсуаҭҵааратә институт аҟынтәи аекспедициа ҳаҟан Кьычмаи. Нестор Лакоба аҭаацәара даналала, мызкы иԥшәма рқыҭа Цыԥка дыртәаны диман. Абри ахеиҭаҳәара, ахеиқәырхаразы иҟарҵаз, узҿыԥшыша рацәоуп. Абаҟақәа дыргылеит Кьычмаи ахеиқәырхара аформа аҳасабала, рыдгьыл дара ишыртәу, еиҵагыло абиԥарақәа уи рдырыртә, рыхдырраҿы инхап ҳәа. Рбызшәа еиқәырханы иҟоуп, имырӡкәа иааргоит. Ҳаԥсадгьыл аиқәырхара еиҵаӡам абызшәеи акультуреи реиқәырхара азҵаара. Уи ҳхашҭуеит. Ашаԥсыӷцәа уи рыхдырраҟны иӷәӷәоуп. Ҳара ҳаҟара ахақәиҭра шрымамгьы, рбызшәа аиқәырхара иашьҭоуп. Кьычмаи, егьырҭ амшын аҿықәан иҟоу анхарҭа аҭыԥқәа рҿы аума аԥсшьаҩцәа рацәаны ирҭаауеит. Ашаԥсыӷцәа рмилаҭ-культуратә хаҿсахьа аазырԥшуа ақәгыларақәа асценаҟны еиҿыркаауеит, абыргцәа аҭоурыхқәа еиҭарҳәоит. Абас еиуеиԥшым ахеиқәырхаратә формақәа ԥшааны, рыхдырра иацрымҵозар иагдырхом", - лҳәеит Габниаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0