Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥиԥиа Ауаажәларратә палатаҟны Аԥсны ахадеи дареи реиԥыларазы: ҭаацәашәала имҩасит

© Foto / предоставил Пипиа Тимур Пипиа Тимур
Пипиа Тимур  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иаԥшьгарала имҩаԥысит Ауаажәларратә палата алахәылацәеи, ҳџьынџьуааи иареи реиԥылара, ԥхынҷкәын 3 рзы. Ауаажәларратә палата алахәыла Ҭемыр Ԥиԥиа еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны излацәажәоз атәы.
Ԥлиа Ауаажәларратә палатаҟны Аԥсны ахадеи дареи реиԥыларазы: ҭаацәашәала имҩасит

"Азҵаарақәа даара ирацәоуп ишьҭыхыз. Зегь раԥхьа иргыланы аҿкычымазара аекономика ишаныԥшыз атәы ҳалацәажәеит, афымцалашара, ақыҭа азҵаара, анхаҩы иахьатәи иҭагылазаашьа. Аҳәынҭқарра ахада иахьынӡалшоз иаартны урҭ дрылацәажәеит, игәаанагара иҳәеит. Ари аиқәшәара ҟалараны иҟан аԥхын ҳҭалаанӡа, иахго иахьа уажәраанӡа иааит. Ҳаицәажәара ҭаацәашәала имҩасит, гәахәарыла ирыдыркылеит. Ас еиԥш аиԥыларақәа еснагь иҟазароуп. Сшахәаԥшуа ала алҵшәа бзиа зауша роуп. Ҳџьынџьуаа Ҭырқәтәыла инхо, ҳашьцәа абазақәа алахәзароуп иахьа Аԥсны ицо апроцессқәа зегьы", - иҳәеит Ԥиԥиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0