Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лакәарԥҳа Владимир Кьетиа изы: арҵаҩ ду, ауаҩ бзиа

© Foto / предоставила Ирина Лакоба Ирина Лакоба
Ирина Лакоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
СССРи Аԥсни зҽаԥсазтәыз рырҵаҩы Владимир Кьетиа иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит. Иара 20 шықәса инареиҳаны Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол анапхгаҩыс дыҟан. Арадио Sputnik аефир аҟны Владимир Хынҭыжә-иԥа дылгәалалыршәеит иара иҵаҩы - арҵаҩы Ирина Лакәарԥҳа.
Лакәарԥҳа Владимир Кьетиа изы: арҵаҩ ду, ауаҩ бзиа

"Арҵаҩ ду изы ажәа аҳәара уадаҩуп. Имаҭәар агеографиа бзиаӡаны идыруан, иурок аинтерес аҵан. Ааӡаҩык иаҳасабала дымҩақәҵаган аҵаҩцәа ҳзы. Инапы злеикуаз аус ҭакԥхықәрала дазнеиуан, иубаратәгьы аҽаԥсахуан. Иара иԥсҭазаара зегьы аҿар рааӡара иазкын, урҭ ипатриотцәа иашаны рышьақәыргылара, рбызшәала ицәажәо, ихәыцуа рыҟалара, рҵара ахаҭабзиара аҳаракра. Насыԥны исыԥхьаӡоит сара рҵаҩык лаҳасабала Владимир Хынҭыжә-иԥа иҿы аусура сахьалагаз. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иара ибзоурала аамҭала Аҟәатәи ашкол Гәдоуҭаҟа ииаган. Усҟан арҵаҩцәагьы аҵаҩцәагьы еидикылеит. Гәахәарала исгәалашәоит аус ицура ашықәсқәа", - лҳәеит Лакәарԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0