Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арышԥҳа ақалақь дуқәа ролимпиада аԥсуа ҵаҩцәа ралахәхаразы: сахьрылаԥшуаз гәадуран

© Sputnik / Томас ТхайцукМарина Аршба
Марина Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа школхәыҷқәа алахәын ахәбатәи ақалақь дуқәа ролимпиада. Аҵаҩцәа рдыррақәа шаадырԥшыз атәы арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа аспециалист хада Марина Арышԥҳа.
Арышԥҳа ақалақь дуқәа ролимпиада аԥсуа ҵаҩцәа ралахәхаразы: уахьрылаԥшуаз гәадууран

Аолимпиада иалахәын Аҟәа ақалақь абжьаратә школқәа 11-тәи акласс аҵаҩцәа ааҩык. Аицлабра мҩаԥысуан - аматематикеи, аинформатикеи, ахимиеи, афизикеи рмаҭәарқәа рыла.

"Аолимпида аханатә ихацыркын Москва, иара иалахәуп адунеи зегьы аҟнытә ахәыҷкәа. Зыҩаӡара ҳараку ҳәа иԥхьаӡоуп ари аолимпиада. Сынтәа, Москвеи Аҟәеи реизыҟазаашьақәа рырҿиара иабзоураны иалыршахеит аԥсуа школхәыҷқәа рдыррақәа ԥыршәарц. Аолимпиадахь инеиаанӡа ақалақь аметодистцәа ашколхәыҷқәа хымш иазыҟарҵон. Ашкол ахь рымныҟәара атәы аҭагылазашьа уахәаԥшуазар, ахәыҷқәа ибзианы рхы аадырԥшит. Ари зеиԥш аолимпиадан, ахәыҷқәа еиҿцәажәаны, аимак-аиҿак ҟаҵаны аҭак ҟарҵар ҟалон азы, иубон адырра шрымаз, атемақәа шырдыруаз", - ҳәа еиҭалҳәеит Арышԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0