Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьопуа еиҭеиҳәеит Урыстәыла ацхыраарала Аԥсны ақыҭанхамҩа арҿиаразы апрограмма аус шауло

© SputnikБеслан Джопуа
Беслан Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахадеи Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистри реиԥылараҿы излацәажәаз атәы инарҭбааны арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит уи аиԥылара иалахәыз Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа Урыстәыла ацхыраарала Аԥсны ақыҭанхамҩа арҿиара иазкны

"Уаанӡа Урыстәылатәи агани ҳареи имҩаԥаҳгахьан аиԥыларақәа. Дара Аԥсныҟа иаахьан, иҭырҵаахьан ақыҭанхамҩа аҿиаразы хырхарҭас иазалхтәу, усурас инагӡатәу. Ҳара иазҳархианы иҟоуп апрограмма - ашәырааӡара, уи аус адулара, арахәааӡара, аԥсыӡааӡара ахырхарҭақәа рыла. Аиԥылараҿы ақәҵара рыдкылан анаҩс аусутә гәыԥқәа шаԥҵахо арҭ азҵаарақәа рыла аус зуло. Урыстәыла ақыҭанхамҩа иҟанаҵо ажәалагалала анаҩс ацхыраара ҳаураны иҟоуп. Ус еиԥш, уажәаԥхьа Аԥсны амашьына-трактортә станциақәа еиқәыршәан техникала, уи анаҩс ашәаԥыџьаԥ ԥырхага азҭо ахәаҷамаҷа аҿагыларазы ацхыраара ҟаҵан. Уажәы хаҭала иазааҭгылан ашәырааӡареи, арахәааӡареи, аԥсыӡааӡареи ахырхарҭақәа. Анхацәа иахьынӡалшо ацхыраара раҳҭоит, рыҩнқәа рҿы, рыдгьылқәа рҿы, ирааӡартә еиԥш алша роурцаз. Уи қыҭацыԥхьаӡа иазгәаҭахоит. Ус зауадк дук ргыланы ҳәа алшара ҟалом, нхарҭак-нхарҭак алхны ҳәа иазгәаҭоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0