Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гоԥиа ақыҭаҟны аҩны нападкылара азҵааразы: аусурақәа иаҳа еиҵахеит

© Foto / предоставлено Тимуром ГопияТимур Гопия
Тимур Гопия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳаамҭазы ақыҭауаа рыҩны иадырҵарц ирҭаху, иаҳа зҿлымҳара зырҭо, сынтәа зыҩны акы адызҵо рганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Гәыԥ ақыҭа инхо, знапы ҟазоу Ҭемыр Гоԥиа.
Гоԥиа ақыҭаҟны аҩны нападкылара азҵааразы: аусурақәа иаҳа еиҵахеит

"Уажәы ҩажәи актәи ашәышықәсазы иуҭаху зегьы ыҟоуп. Еиҳарак аҽыкәабарҭақәа, аҩны арԥхаразы адашьма уҳәа иазҿлымҳауп. Арахь алашара азҵаарагьы ӷәӷәоуп. Ажәытәан арацәа аныҟаз иаҳа уи ала рхы иахәон, аха уажәы афымцахь ҳаиасны ҳаҟоуп, нас хәыҷык амҿгьы ҳадаҳгалалоит. Убри аан аашьарагьы ҳзацәымцозар акәхап. Аҩны актәи аихагылақәа рҟны ҵаҟатәи ацәаакыра апроблема зегьынџьара иӷәӷәоуп. Адашьма ԥхақәа рыҟаҵара зегьы ашьҭоуп ацәаакыра иахҟьаны. Алшара змоу мааҭқәак реидкылара иаҿуп. Сынтәа аҭагылазаашьа зеиԥшроу ала хәыҷык аусурақәа аанкылоуп. Ақыҭауаа ирымоу араса, амандарина зегьы рыхәышәтәра аҭахуп, алшарақәа умазароуп", - иҳәеит Гоԥиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0