"АҶА рыцхыраарала ахәышәтәырҭахь иааган еиҳа зҭагылазаашьа цәгьаз хҩык ачымазаҩцәа. Аҩны иаанхеит даҽа ԥшьҩык, урҭгьы ртестқәа ангәаҭаха еилкаахеит ишычмазаҩу, аӡәы сырахә сзааныжьуам иҳәеит, егьы уамак сыхьуам иҳәеит, урҭ макьана аҩны иҟоуп. Ачымазаҩцәа зегьы рахьынтә макьаназы ишәарҭоу ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Ачымазара ишнанагаз ҳәа макьана еилкааны иҳамаӡам, ҳгәыӷуан ҳацәыхьчахап ҳәа, аха иамуит. Ақыҭаҿы амбулаториа ыҟоуп, амедиаҳәшьагьы излалылшо, илымоу ахәшәқәа рыла дрыцхраауеит, аха урҭгьы маҷуп. Днеины-дааиртә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟаӡам, ацхыраара лассы амашьына аус ауӡом, иажәит", - иҳәеит ақыҭа ахада.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Иҟоуп ауаа ачымазара ӷәӷәаны излаҽны измоу. Ус еиԥш аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ианаанага, ҳара ахаан аҩныҟа иҳашьҭӡом. Ишакәзаалакгьы, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аума, амобилтә госпиталь аума, аҭыԥ ԥшааны иҳашьҭуеит. Зыԥсыԥ ззымго, зшоура дуу, згәабзиара ашәарҭара иҭагылоу - урҭ ҳара ишьҭаҳҵоит, хымԥада. Егьыс инеиуа зегьы ирыҿцәажәаны, иаҭаху раҳәаны, иара уа аҭыԥ аҿгьы акапельница ҟаҵаны иауҳашьҭуа ишьақәыргыланы иҟоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Воуԥҳа.
Лара лажәақәа рыла аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы аиарҭа аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара ацҵаразы аусурақәа цоит.
"Ауадаҩра ахьыҟоу ареанимациатә ҟәшаҿы ауп. Иахьазы уа иҟоуп ԥшь-ҭыԥк. Иқәгылоуп ԥшь-ИВЛк. Зчымазара ӷәӷәоу аҭыԥқәа 10 рҟынӡа иаҵаҳҵарц ҳгәы иҭоуп. Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә иҳауран иҟоуп еиҭа ИВЛ-қәа", - ҳәа лҳәеит Воуԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Река ақыҭа афельдшер: ажәлар рзы даара иуадаҩу аҭагылазаашьа шьақәгылеит
COVID-19 аҿагыларатә усмҩаԥгатәқәа 400 миллион мааҭ рҟынӡа ақәнарӡит Аԥсны
Амҷыԥҳа Аҟәа амобилтә бригада аусуразы: макьана иасуа зегьы ҳрыхьӡоит
"Араион ахада иусԥҟала қыҭацыԥхьаӡа амаинерцәа рызҵаара аӡбаразы ақыҭақәа ахадацәа адҵа рыҭоуп. Уи адагьы дара рнапы иануп аҿкы чымазара аламырҵәаразы аԥсрақәа рҿы ашьаԥақәа ргыланы ауаа рыртәара аҵыхәа ԥҵәазарц. Аҭакԥхықәрақәа зегьы ақыҭа ахада идуп, ацхыраара иҭаххозар, араион аҟынтә ҳазыхиоуп. Адҵақәа анынамыгӡаха, досу иусураҟынтә ихы дақәиҭтәхоит ҳәа адырра ҳарҭеит, иара убас амаинингқәа рхаҭақәа раҿыхра адагьы, "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа неины ацәаҳәақәа хырҵәарцаз. Иаарласны ақыҭақәа рхадацәеи ҳареи, абыргцәа рхеилак ахаҭарнакцәеи қыҭацыԥхьаӡа аизарақәа рымҩаԥгара ҳгәы иҭоуп. Аминингқәа змоу ҳрыҿцәажәоит, идеилҳаркаауеит аҭагылазаашьа ишьақәгылаз атәы, ари азҵаара аӡбараҿы ҳаԥсуарагьы ааҳарԥшыроуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны ахада мчыбжьык аамҭа риҭеит афымцалашара ахархәара аларҟәразы
Бжьаниа афымцамч ахархәара аларҟәразы аштабқәа аԥҵазарц адҵа ҟаиҵеит - авидео
Бжьаниа Аԥсны аенергетика аусхк аҟны узыцәшәаша аҭагылазаашьа ыҟоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҵаратә процесс хацыркхар алшоит иҳәеит аамҭала Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба атәыла ахада ахәаша, ажьырныҳәа 22 рзы имҩаԥигоз аилатәара аан.
"Урыстәылантәи иҳауа афымцалашара хаҳарала ҳхы иаҳархәароуп. Ҳара ҳҿы макьана аҵараиурҭақәеи акультуратә усбарҭақәеи аркуп, аха аԥкрақәа мышкы зны иаԥыххоит. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иҳауа адыррақәа ҳасаб рзаҳуазар, аԥкрақәа хәыҷы-хәыҷ ирԥсыҽны аҵаратә процесс хацыркхар алшоит", - иҳәеит Делба.
Уи адагьы, Делба иажәақәа рыла, акультуреи аспорти русбарҭақәа рзгьы аԥкрақәа рԥсыҽзар ауеит, усҟан афымцацәаҳәақәа еиҳагьы аидара иаҵалоит.
"Ҳара абри ҳазыҟаҵазар ауп. Избанзар ашкол аҟны алашара, аԥхара аныҟамло аамҭаҿы ҳнеир ауеит, убасҟан ауп аҭагылазаашьа зынӡа ианыцәгьахо", - ҳәа азгәеиҭеит Владимир Делба.
Ажьырныҳәа 19 инаркны "Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара ауааԥсыра рзынашьҭра ԥнакуа иалагеит аенергосистема ахьанҭара ахьацлаз азы. Астанциақәа рҿы амашәырқәа ҟамларц азы "Амшынеиқәафымцамч" аидара рацәаны ианақәло афымцалашара дырцәоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны ахада мчыбжьык аамҭа риҭеит афымцалашара ахархәара аларҟәразы
Амқәаб: иахьамуа, латәарала имҩаԥаҳгароуп аҵаратә процесс, аанкылара ҟалом
Смыр аҵаратә процесс ахацыркразы: аҭагылазаашьа ҳҽаршьцыланы имҩаԥаҳгароуп