Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҟәысба еиҭеиҳәеит COVID-19 аганахьала Ҭырқәтәыла иахьа аҭагылазаашьа зеиԥшроу

© Sputnik / Зафас ГамгияАтанур Акусба
Атанур Акусба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҿкы чымазара COVID-19 иахҟьаны иахьазы Ҭырқәтәыла аҭагылазаашьа зеиԥшроу, аԥкрақәа иаҳа ирӷәӷәоу ма иԥсыҽу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба.
Хра злоу ахҭысқәа: Аҟәысба COVID- 19 аганахьала Ҭырқәтәыла аҭагылазаашьа зеиԥшроу

"Мызкы аахыижьҭеи аԥкрақәа маҷк идырӷәӷәеит, ачымазцәа рхыԥхьаӡара иацло ианалага. Уахынла асааҭ 21 рышьҭахь адәахьы удәылҵыр ҟалом, асабша амҽыша усгьы адәылҵра ҟалом. Ачымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара маҷк илаҟәуа иалагеит. Еиҳарак зегьы ззыԥшу адунеи ауаажәлар реиԥш алаҵа ауп, убри ԥсыхәак амазар ҳәа ихәыцуеит. Егьыс аԥкрақәа ирықәныҟәо шыҟоу еиԥш, ирықәымныҟәогьы ыҟоуп. Аҳәынҭқар имчрақәа рыла урҭ дрышьҭоуп , ахараԥса рықәиҵоит. Ирацәаҩуп асабрада ныҟәзымго, маӡала атәарҭақәа рҟны еизалоит. Урҭ ахьырбо ахараԥса рықәырҵоит, адәқьанқәа адыркуеит, ақьафурҭақәа зегьы хиоуп, аха ҭелла ауп афатә аҿаҵаны ишрырҭо ауаа. Есҽны 32-33 нызқьҩык чмазаҩхон, иалагалаз аԥкрақәа хәарҭахеит, 17-18-нызқь рҟынӡа ачымазцәа рхыԥхьаӡара лбааит», - иҳәеит Аҟәысба.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0