Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иҟанаҵаз ақәҵарала, Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо аԥсаӡқәа рыԥҟара азин ыҟам.
"Агәаҭарақәа ҳрылагахьеит аџьармыкьақәеи амҩадуқәа рҿықәқәеи рҟны. Даҳбеит хәаахәҭҩык, ақьаад ицуп, аԥсаӡқәа аҳәаа анҭыҵынтәи ишаагоу ала. Уаҳа аҭиҩ ҳәа аӡәгьы дҳамбеит. Абнақәа рҟынтә аԥсаӡқәа ԥҟаны иаазгаз ҳәа аӡә даҳбар, аҵлақәа имҳхоит, урҭ рхыԥхьаӡара рацәазар, апрокуратурахь аус шьҭхоит, имаҷзар – урҭ административтә хараԥса рыдҵахоит. Ахараԥса аԥсаӡ ақәреи уи ахьыԥҟаз аҭыԥи аныԥшуеит. Уи ашьапы ашәагазага шаҟа ыҟоу алагьы еилкаахоит, шаҟа ишәар акәу. Иҳамоуп аспециалистцәа урҭ зыԥхьаӡоу. Аха иҳәатәуп, ахараԥса иара усгьы ишыџьбароу. Аҳәырԥсарраҿы аԥҟара еилагазар, ахараԥса ҩынтә еиҳахоит. Аԥҟара аилагаҩцәа ирымыххо аԥсаӡқәа аҭаацәара рацәа, мамзаргьы зымаха-зышьаха ԥку дахьыҟоу аҭаацәарақәа ирыҭахоит", - еиҭеиҳәеит Кәыҵниа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Гагра раион аҭагылазаашьа даара ицәгьоуп. Ари ахьҭақәа иҟаз ирацәаны авариақәа ҟалеит. Иахьа алашара ажәлар ироуртә иҟаҳҵеит. Аҟәа имҩаԥысит аилацәажәара. Урыстәылантәи шаҟа мегаватт ҳауа ҳара инаҳхуеи ҳаинаалом, аԥкрақәа ҳрылагоит. Раионцыԥхьаӡа ишашаны ирырҭеит, шаҟа-шаҟа иԥктәу. Аподстанциа аиҳабы сареи иахьҳарцәо, ишҳарцәо, ишыҟахҵо, уаха иҳаӡбароуп. Амаининг аус аанаҳамкылар, еиҭа ҳаицәахар ҳәа сшәоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аиба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны иазымхар ҟалоит иззеиқәшаҳаҭханы урыстәылантәи иаауа афымцалашара
Гәдоуҭа ачазауад аиҳабы Лакоба алашаразы ауадаҩрақәа рзы: ҳариааироуп, уаҳа ԥсыхәа ыҟам
"Гәдоуҭа аҩыҭиирҭа аҭыԥ аҿы амцакра ҟалеит ҳәа адырра ҳауит асааҭ быжьба рыбжазы, ашьыжь. Иааиԥмырҟьазакәа х-машьынак ҭыган, аҭыԥ аҿы ҳаннеи амца акырӡа аҽарҭбаахьан, ҳаргьы амца хара имышьҭыкәа иаанаҳкылеит, афонаагьы ацхыраара ҳарҭеит. Уаҟа аус зуаз ахьчаҩцәа рыжәақәа рыла, ҳаргьы анаҩс излаҭаҳҵааз ала, афымцалашара мҩанызго ацәаҳәа иахҟьаны абылра ҟалеит. Ҳахәҭаҿы аус зуаз аҷкәын ахыб дықәланы амца ширцәоз, дықәҵәраан дкаҳаит. Иара Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы днаган. Анаҩс Гәдоуҭаҟа инеиз АҶА аҳақьымцәа ирҳәеит, иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылам атәы. Иара игәабзиара шьақәиргылалоит аҩны. Ас еиԥш амашәырқәа ианиахьеит ҳамцарцәаҩцәа. Зны адәқьан аҿы амцакра аныҟала, ҳамцарцәаҩ ила иҭҟәацыз аԥаҭлыка аԥҽыха хыслеит, уи ашьҭахь излак иабаӡом. Ус аӡәы инапы ԥҟап, аӡәы қьырсҭак иқәҳап, аха излауала ҳхы ҳахьчоит. Уи зегьы ҳаццакроуп изыхҟьо, абылрақәа раан аамҭа акраҵанакуеит", - еиҭеиҳәеит Қьырҭбаиа.
Гәдоуҭатәи амцарцәара-аиқәырхаратә хәҭа аиҳабы иусқәа назыгӡо иара убасгьы иҳәеит араион шдуу, ҽнак аиқәырхаҩцәа ҭымҵкәа ишыҟамлац.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны АҶА аусзуҩ Лыхны ақыҭан амцарцәараан ааха иоуит
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik. COVID-19 зцәа иалаз ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны ажьырныҳәа 20 рзы ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Акоронавирустә инфекциа ззышьақәырӷәӷәаз 1938 шықәса рзы ииз ахаҵеи 1953 шықәсазы ииз аԥҳәыси рыԥсҭазаара иалҵит. Адиагноз хада - "акоронавирустә инфекциа ҿыц".
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 127-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 35-ҩык, ибжьаратәуп - 45-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 22-а, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 20-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 62-а апациентцәа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 10984-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8898-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 156-ҩык.