Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуа инапала иҟаиҵаз аԥсуа ԥхьарцазы: ажәытә бжьы ахоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБатал Джапуа
Батал Джапуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ажәытәан аԥсуаа иркыз, иҟарҵоз аԥхьарца аиԥш зеиԥшу аҟаҵара шилшаз, насгьы уи ҷыдарақәас иамоу атәы.
Џьапуа: аҿатәтәи арҳәагақәа, аиашазы, сылахь иааиӡом

"Аҿатәтәи арҳагақәа, аиашазы, сылахь иааиӡом, урҭ иаҳа рыбжьы бзиазар ауеит, аха сахьахәаԥшуа, иԥхьарцаӡам. Уи аҩыза атенденциа ҳашьцәа адыгақәа рҿгьы иҟоуп, ирыԥсахит аԥшра. Инна Аҳашба илҩыз ашәҟәы "Аԥсуа музыкатә инструментқәа", убра аԥсуаа ҳтәы зегьы ануп. Аԥхьарца ашәагазагақәагьы ануп, убри сахәаԥшны, иара снапаҟны иаазгьы саахәаԥшны, аформа ҟасҵап сгәахәит. Аформа аныҟасҵа, абжьгьы ҟалеит. Саҳәшьаԥа Алмасхан Марколиа далахәмарит, даара игәаԥхеит, руакгьы ҳамҭас исҭеит, иҵар иҭахуп азы. Абжьы иахоу ажәытә бжьуп. Иахьатәи акәӡам. Иахьа аструнақәа аҿарҵоит, урҭ ажәытәтәи иреиԥшым. Иҟасҵаз иаҿоуп аҽы аҵыхәа. Ажәытәан уи ҟарҵон, нас арахәыцқәа ҟарҵон ауаса акьатеи иалхны. Аԥхьарца ахаҭа ал иалхуп. Ажәытәан аԥхьарцақәа реиҳаракгьы еиқәаҵәан, иршәуан қардуанла, мамзаргьы алҩақ адырсуан. Саргьы сыла иабахьоу ажәытәтәиқәа зегьы еиқәаҵәан, уажәтәи амода ҽакуп, иҩеижьӡа иҟарҵоит, иԥшӡоуп, еилкаауп, аха иаратәыҵәҟьа еиқәаҵәазаруп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьапуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0