"Аԥсны аҭоурых иазку апроект амҩаԥгара раԥхьаӡа акәны исыдигалеит Арсоу Хәаԥшыхә. Иара асоциалтә ҳаҿы имоуп адаҟьа insta_abkhazia. Иареи сареи ҳаибадырит Facebook аҿы Аԥсны аҭоурых ҳәа иаԥҵаны исымоу адаҟьаҿы. Уи исыдигалеит апроект онлаин-лекциақәа ҳтәыла аҭоурых иазку. Иҟоуп аҿар даара аҭоурых иазҿлымҳау, бзиа избо, еилызкаарц зҭаху. Аԥсны аҭоурых жәытәнатә аахыс иахьанӡа еихша-еихшаны иҟаҳҵарц ҳгәы иҭаҳкит. Актәи алекциа адҳәалан Аԥсны ажәытәӡатәи аҭоурых, аҩбатәи - Аԥсны аҳра. Ҳгәы иҭаҳкит аԥсуа ахьынхоз аҭыԥқәа рҟны, урҭ ирыдҳәалоу аҭоурыхқәа маҷк инарҵауланы ҳазнеирц. Уажәы самырзаҟанаа ҳрылацәажәеит, нас еиҭа алекциақәа ирыцҵахоит Аԥсны аҭоурых анаҩстәи адаҟьақәа рыла. Егьы ашықәс азгьы ари апроект иацҵахоит. Алекциақәа шыҟало атәы адырра ҟаҳҵоит асоциалтә ҳақәа еиуеиԥшым адаҟьақәа рҿы, нас изҭаху Zoom ала даҳзыӡырҩыр илшоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гоԥиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
"Ақыҭаҿы уажәазы 14-ҩык инарзынаԥшуа ачымазцәа ыҟоуп. Зегьы аҿкы рыхьны иҟоуп ҳәа ишьақәыргыланы иҟам, аха асимптоматикала иароуп уҳәар алшоит. Ахәшәқәагьы аиура цәгьахеит. Рыхәқәагьы еиҳахеит. Абри ачымазара ҟалеижьҭеи ахәшә 10 мааҭк иаԥсазҭгьы, 30 рҟынӡа инеит. Ажәлар рзы даара иуадаҩу аҭагылазаашьа шьақәгылеит. Ачымазаҩцәа рҟны мнеишьа сымаӡам, аҩны аҟара бжьазаргьы снеироуп, иага ихаразаргьы ус. Мышкы иалагӡаны 9-ҩык ауаа акапельница рзықәсыргылоит. Урҭ шьҭа мчыбжьык ҵуеит ирзыҟасҵоижьҭеи, дара алгар, нас еиҭа иззыҟаҵатәу ҟалоит. Река ақыҭа адагьы, Бедиа, Патрахәыҵа, уҳәа еиҭа ақыҭа ссақәа рҿгьы ачымазаҩцәа сымоуп. Ачымазара шысхызгахьоугьы, сҽацәысахьчоит, ҳәарада. Иаҭаху зегьы ҟасҵоит, сықәра злаҟоу ала еиҭа исыхьыргьы ауеит, еиҭа ачымазара ӷәӷәақәа схызгахьеит, абарҭ зегьы снарҿыԥшны зынӡа сзашьҭоузеи ҳәа схы сзыҟаҵом. Иара иааиуа зегьы ишахәҭоу иааиуеит. Ҳара ҳашшәо еиԥш даргьы шәоит", - ҳәа еиҭалҳәеит афельдшер.
Ламара Ҳашԥҳа-Қәычбериа илҳәеит ажьырныҳәамза мацара иалагӡаны 226-ҩык ауааԥсыра шлыдылкылахьо, урҭ рыбжаҩык атәым қыҭақәа рҟнытә иаауеит.
"Иҟоуп аҭагылазаашьақәа схала иаҭаху анрасҳәо, избанзар зегьы ақалақь аҟынӡа изцаӡом", - ҳәа азгәалҭеит афельдшер.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
"Афермақәа ахьаҟәырхыз рыуа-рҭынха рахь ишаны аҩнқәа рҿы иахьдыргылаз ыҟоуп. Уи проблеманы иҟоуп атәыла зегьы аҿы. Ҳраион аҿы афермақәа иаҿыхны, еимыхны иҟоуп. Ҳара есыҽны агәаҭарақәа мҩаԥаагоит. Трансформаторк аҿы аӡәы днеины акы аԥишьыр, ихаҳҵәоит, ҳрацәажәоит. Иҟоуп ахҭысқәа ихҵәаны нас еиҭа имҵаа иахьаԥыршьуа, аха урҭ анаҩс еиҭа иаҿаҳхуеит. Аусутәқәа зегьы мҩаԥгахар, ҳаргьы ԥсеивгарак ҳауеит ҳәа сақәгәыӷуеит ", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳанагәуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аминистрцәа Реилазаара аҳәынҭобиектқәа рҿы амаинингқәа рықәыргылара азин ҟанаҵом