"Ачымазара ҿкы даара ианыԥшит ҳекономика. Иааркьаҿны иаҳҳәозар, ҳекономика аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы акризис иҭагылоуп, даараӡа ирԥырхагоуп егьырҭ аусқәа, уи ԥхьаҟа ицоит ҳазҳәом. Аԥсны ахала ахы ҭнагоит ҳҳәоит ҳанцәажәо, избанзар ахы ҭнагартә азы аалыҵқәа маҷымкәа иҳамоуп, аха ахархәаразы алшара ҳамам. Иахьатәи аамҭа иақәшәо атехника, амаҭәахә ала аиҵахарақәа ыҟоуп. Убасгьы аҵыхәтәантәи аамҭазы иумбар залшом иаадыртуа аус ҿыцқәа, анаплакқәа, ауаҩы аус ахьиуша аҭыԥқәа иаҳа имаҷхо иалагеит. Ҳаҩнуҵҟа иҟоу аполитикатә хҭысқәа, аиҿагыларақәа аекономика иагдырхеит, убасгьы анҭыҵ аҳәынҭқаррақәа зегьы еицырзеиԥшу аиҵахарақәа Аԥсны ианымԥшыр ауамызт", - иҳәеит Шьалашьаа.
Убри аан аекономист иазгәеиҭеит ари ашықәс шыуадаҩызгьы, аҳәынҭқарра иалагалоу еиуеиԥшым ашәахтәқәа рыла ашықәс хар амамкәа ҳшалҵыз.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Сусура абжьааԥны еиԥшымкәа иацлеит, аха уи уаргәырӷьартә иҟам, амҿы ҳҭииндаз ҳәа мацара акәым ҳшыҟоу, аԥсабара ахьчарагьы ҳуалуп. Алашара ҵыԥхгьы ибзиамызт, аха сынтәа аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахеит, ауаагьы уи апроблема шыҟалоз дырны заа аӡынра рыҽдырхеит. Сынтәа цәыббрамза инаркны амҿы аҿаҵара иалагахьан хыԥхьаӡара рацәала. Сара схала амҿы аиқәыршәара саҿуп. Аҭел исзасуеит ишырҭаху, шаҟа рҭаху рҳәоит. Еиҳарак ауаа ирҭаху ахьацоуп, уи ибзиан ибылуеит, аршьшьарагьы усҟак ицәгьам. Ашәгьы иазҵаауа дыҟоуп, ал усҟак ирҭахым. Амҿы ылысхуеит Кәтол абнақәа рҿы. Ажәытәан Кәачара ауаа ахьынхоз уажәы иахьҭацәу абнақәа ахиааны иҟоуп. Ҿыц игылоу аҵла ԥаҳҟаӡом, иажәхьоу роуп. Ахьаца ашьапы хаҳҵәаӡом, ажәытәан еиԥш икаҳҿоит хыхь-хыхь, нас амахәҭақәа ҿыцқәа аауеит, анаҩс 3-4 шықәса рышьҭахь еиҭа иԥаҳҟартә иҟалоит. Еиҳарак амҿы Аҟәа ақалақь аҿы инхо роуп иаҿазҵо", - ҳәа еиҭеиҳәеит Енвер Қәаранӡиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Шәазыӡырҩла арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" есмҽыша арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.