Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кобахьиа COVID-19 аҟынтә алаҵа аҟаҵаразы: аханатәгьы садгылан

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Кобахия
Аслан Кобахия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа, ауаажәларратә усзуҩы Аслан Кобахьиа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит акоронавирус аҟынтә алаҵа аҟаҵара дзадгылаҩу.
Кобахьиа COVID-19 аҟынтә алаҵа аҟаҵаразы: аханатәгьы садгылан

Акоронавирустә инфекциа хызҽуа Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп 2021 шықәса ажьырныҳәа анҵәамҭа - жәабран алагамҭаз, абри атәы иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, ателеканал Russia Today иаиҭаз аинтервиу аҟны.

"Авакцина ҟаҵатәуп ҳәа сгәы изаанаго убри ауп, ачымазара аанкылатәуп. Сара аханатәгьы садгылан. Ианааргалак, аԥхьа уаҭахуп ҳәа рҳәар, снеиуеит, иагьыҟасҵоит. Ари аус сазхәыцны сазнеит. Авакцина ааргаргьы, мчыла аӡәгьы иларҵаӡом. Уи ауаа азнеиртә еиԥш аамҭа аҭахуп. Иара ачымазарагьы шыҟоу хазымҵозгьы шыҟаз еиԥш, авакцина азҵаарагьы аамҭа аҭахуп. Сара асабрада схамкәа ԥсрак аҿы сымнеиӡацт, аха аҿар аԥҟарақәа ирықәныҟәаӡом. Дара рзы уи шәарҭам, аха асеиԥш иҟоу ауаа аԥсра иаҿуп. Аҿар ранацәа, рабдуцәа, ирызхәыцроуп, убарҭ роуп изыцәшәатәу. Зхы ада хы иазымхәыцуа ҳаӷоу дибааит. Ашықәс ҿыцаз ақьафурҭақәа рҿы иҟаз хагароуп", – ҳәа иҳәеит Кобахьиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0