"Апитомник иааиҵыхны ианыҟаз, аҳәынҭқарратә программала аус анауаз, ибзиан. Аҵыхәтәантәи ашықәс азы миллионк аиҭаҳатә аҟынӡа ҳнеины ҳаҟан. Уажәы ҳазхыҽхәо ҳәа акгьы ҳамам. Ара аус зуа аҷкәынцәа рхатә џьабаала еидгыланы жәабаҟа нызықь шьапы рҟынӡа еиуеиԥшым аиҭаҳатә рааӡоит. Аха шьҭа иҳадҵаало иалагеит, программак аҳасабала абаҳчақәа реиҿкааразы, ҳаԥхьаҟа иҟало аамҭа иаҳнарбап", - иҳәеит Ҭарба.
Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу ақыҭанхамҩатә институт иатәу аҵиааӡарҭа аиҳабы иажәақәа рыла, ас еиԥш ааӡарҭақәа зыԥсы ҭоу абиблиотека ҳәа иашьҭоуп, Аԥсны иҟоу ашәырхкқәа зегьы еиҭаҳаны иҳамоуп.
"Аӡын аамҭа зшәарҭоу афеихоа ацитрустә шәырқәеи рзоуп, зыбӷьы каԥсо рзы- мап. Урҭ хышықәса ԥшьы-шықәса рхыҵаанӡа иҭаҳәҳәалатәуп, ашьапы анышә адыҳәҳәалатәуп, ҵаа ӷәӷәа ҟалар иамшьырцаз. Абри зегьы ҟаҵоуп ацитрустә шәырқәа рзы ҳколлекциа аиқәырхаразы. Афеихоа акәзар, сык аур, ҳлабақәа кны зегьы ҳажәлоит, амахәқәа асы рықәхразы. Ашықәс ҿыц ҳҭалаанӡа ажәлар иҳамаз аиҭаҳатә хәыҷы иҳажәланы, мышкы 10-15-ҩык анаауаз ыҟан, иаахәаны иргон, ҳагәгьы иаахәон", - еиҭеиҳәеит Ҭарба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
"Миха Лакрба иҩымҭақәа, иновеллақәа сыԥсҭазаараҿы мҩақәҵагак исзаҩызоуп. Иара нагарҭа амаӡамкәа ҳҵас, ҳқьабзқәа ааирԥшуеит. Саргьы сыԥсҭазаараҿгьы абас сыҟандаз, абри еиԥш схы мҩаԥызгандаз ҳәа сгәы ианаанаго ыҟоуп. Миха Лакрба ихьӡ аҿар ираҳахьеит, аха шамахамзар, урҭ ашәҟәыԥхьара рҭахым, иҟалаз асоциалтә ҳақәа ирхырҟьаны. Иара иновеллақәа ашколтә программаҿы иҟоуп, убасҟан ауп ухы-угәаҿы ианаанхо, анаҩс уаныҩеидаслак, еиҭа саԥхьандаз ҳәа агәазыҳәара узцәырыргоит. Атеатр аҿгьы зны-зынла ҳанааидтәалалак, иаҳгәалашәоит урҭ ановеллақәа. Убасҟантәи аамҭаз иара ифырхаҵа абас иҟаиҵеит, аха иахьазы уи ус ауама ҳәа еилҳаргоит. Ановеллақәа рыла иҭыху афильм кьаҿқәагьы акырӡа ибзиоуп, урҭ зегьы аинтернет аҿы иузыԥшаауам, аха иҟоу иахәаԥшхьоу рҟынтә исаҳахьеит ишыргәаԥхаз ала", - ҳәа еиҭеиҳәеит Камкиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
"Ақыҭаҿы уажәазы 14-ҩык инарзынаԥшуа ачымазцәа ыҟоуп. Зегьы аҿкы рыхьны иҟоуп ҳәа ишьақәыргыланы иҟам, аха асимптоматикала иароуп уҳәар алшоит. Ахәшәқәагьы аиура цәгьахеит. Рыхәқәагьы еиҳахеит. Абри ачымазара ҟалеижьҭеи ахәшә 10 мааҭк иаԥсазҭгьы, 30 рҟынӡа инеит. Ажәлар рзы даара иуадаҩу аҭагылазаашьа шьақәгылеит. Ачымазаҩцәа рҟны мнеишьа сымаӡам, аҩны аҟара бжьазаргьы снеироуп, иага ихаразаргьы ус. Мышкы иалагӡаны 9-ҩык ауаа акапельница рзықәсыргылоит. Урҭ шьҭа мчыбжьык ҵуеит ирзыҟасҵоижьҭеи, дара алгар, нас еиҭа иззыҟаҵатәу ҟалоит. Река ақыҭа адагьы, Бедиа, Патрахәыҵа, уҳәа еиҭа ақыҭа ссақәа рҿгьы ачымазаҩцәа сымоуп. Ачымазара шысхызгахьоугьы, сҽацәысахьчоит, ҳәарада. Иаҭаху зегьы ҟасҵоит, сықәра злаҟоу ала еиҭа исыхьыргьы ауеит, еиҭа ачымазара ӷәӷәақәа схызгахьеит, абарҭ зегьы снарҿыԥшны зынӡа сзашьҭоузеи ҳәа схы сзыҟаҵом. Иара иааиуа зегьы ишахәҭоу иааиуеит. Ҳара ҳашшәо еиԥш даргьы шәоит", - ҳәа еиҭалҳәеит афельдшер.
Ламара Ҳашԥҳа-Қәычбериа илҳәеит ажьырныҳәамза мацара иалагӡаны 226-ҩык ауааԥсыра шлыдылкылахьо, урҭ рыбжаҩык атәым қыҭақәа рҟнытә иаауеит.
"Иҟоуп аҭагылазаашьақәа схала иаҭаху анрасҳәо, избанзар зегьы ақалақь аҟынӡа изцаӡом", - ҳәа азгәалҭеит афельдшер.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>