"Ҷлоу ақыҭан анкьа абамба аадрыхуан. Иахьеиԥш исгәалашоит саб иашьа инапы нарханы "абраҟа абамба быбышӡа ишәҭны иҳазгылан" ҳәа аниҳәауаз. Сгәы иалоуп уи усҟан иахьҭысымҵааз, иҟасҵартә еиԥш аҭагылазаашьа сымамызт. Баграт Шьынқәба ироман "Ахаҳә еиҩса" аҟны иҟоуп убри еиԥш аҭыԥ, иани иаҳәшьцәеи абамба шаадрыхуаз дахьалацәажәо, нас иара инарҭбааны иҳәоит уи шҿырхуаз", - ҳәа азгәалҭеит Џьапуаԥҳа.
Лара еиҭалҳәеит абамба ажәла лнапаҟны ишлоуз атәы.
"Ҵыԥх ҭагалан анаскьагаразы еицлабраҵас ашколқәа еиҿыркаит ацәыргақәҵа. Убра махәҭак ибыбышӡа ишәҭны акәакь аҿы иҟан, сымҩашьозар, Отаԥтәи ашкол аҟынтә инаргаз акәакь аҿы акәын. Уи схәыҷра сгәаланаршәеит, исымандаз ҳәа сгәы инҭаскит, иагьысҳәеит. Рҵаҩык махәҭак сылҭан, сеигәырӷьаҵәа иаазгеит. Аӡынра зегьы иҭаргылан исыман. Иара игәылҵны ибыбышӡа ишыҟаз ус иҟан, ашьҭахь зны иаасыртытын санагәылаԥш ирацәаны ажәлақәа агәылан. Мшаԥымза анҵәамҭазы убарҭ ажәлақәа ласҵеит. Иаҭаху ҳәа акгьы сыздыруамызт азы акгьы азыҟасымҵеит, ӡык нақәысҭәон аҟароуп. Ауаҩы ишәара аҟара ианыҩаскьа ашәҭра иалагеит. Анаҩс икәымпылӡа ихьанҭаны атунг еиԥш иаҿалеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьапуаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Аремонттә усурақәа ирзоурыжьран иҟоуп 3 миллионки 500 нызқь мааҭи. Урҭ аԥарақәа ҳарзыԥшуп. Апроект ала аџьармыкьа аартны иазгәаҭоуп, аха иаркызар иаҳа еиӷьхон. Уажәы ахәаахәҭразы аџьармыкьахь иааиуа ауаа маҷуп. Иахьықәгыло ыҟаӡам, ақәа леи, асы леи, адәы иқәгылазароуп. Бедиа ибгаз амҩа иахҟьаны аџьармыкьаҿы ахәаахәҭыҩцәа агхеит. Уажәы ауаа адәахьы ихәаахәҭуеит, астолқәа ргыланы ирымоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Шәазыӡырҩла арубрика "Жәлар рдоуҳа" арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны есхаша.
Атекст шәаԥхьар ҟалоит абра>> "Амалқәа зегьы ирмалу" – аҳамҭа аҵаки ҳамҭас иҟарҵои