Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ахԥҳа еиҭалҳәеит Аԥсны ажьырныҳәамзазы амшқәа зеиԥшрахо

© Sputnik / Томас ТхайцукЛариса Ахба
Лариса Ахба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳауагәаҭаратә маҵзура аусзуҩы Лариса Ахԥҳа араидио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ажьырныҳәамзазы иаҳзыԥшу амшқәа рҳауаԥхарра аҭагылазаашьа атәы.
Ахԥҳа еиҭалҳәеит, асыи ақәаба-сабааи ианазыԥштәу

"Асы шьҭаханы, ишьҭымҵуа ҳәа иаҳбаӡом. Асы леиуеит амза 20 рзгьы, иара уигьы инеиԥынкыланы акәым, иналак-аалакны. Иара ҟазҵаз уи ауп, аҩадантәи ахьҭа лбааит. Ҳара ҳҟны аҵкьыс еиҳаны илеит Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, уаантә аҳауа арахь иаауеит, аха ҳара ҳҿы иаиаанӡа иԥсыҽхеит, мшынла иаауеит аҟнытә. Арыцхә 21 рзы ихьҭахоит. Амшын аҿықә иахьаԥну -2 -5 градус рҟынӡа ахьҭа ҟалар ауеит. Арыцхә 22 инаркны иҟаз аҳауа ирҿыԥшны иуҳәозар, иаҳа иԥхоу аҳауа аауеит. Ҳзышьцылаз аԥхарра ҟалаӡом, аха уеизгьы иаҳа иԥхаррахоит уажә аасҭа. Анаҩс амза 26-27 рзы еиҭа ҭыԥқәак рҿы ақәабаа-сабаа леиуеит. Амза анҵәамҭазгьы амш цәгьахоит", - лҳәеит Ахԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0