"Гәдоуҭа аҩыҭиирҭа аҭыԥ аҿы амцакра ҟалеит ҳәа адырра ҳауит асааҭ быжьба рыбжазы, ашьыжь. Иааиԥмырҟьазакәа х-машьынак ҭыган, аҭыԥ аҿы ҳаннеи амца акырӡа аҽарҭбаахьан, ҳаргьы амца хара имышьҭыкәа иаанаҳкылеит, афонаагьы ацхыраара ҳарҭеит. Уаҟа аус зуаз ахьчаҩцәа рыжәақәа рыла, ҳаргьы анаҩс излаҭаҳҵааз ала, афымцалашара мҩанызго ацәаҳәа иахҟьаны абылра ҟалеит. Ҳахәҭаҿы аус зуаз аҷкәын ахыб дықәланы амца ширцәоз, дықәҵәраан дкаҳаит. Иара Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы днаган. Анаҩс Гәдоуҭаҟа инеиз АҶА аҳақьымцәа ирҳәеит, иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылам атәы. Иара игәабзиара шьақәиргылалоит аҩны. Ас еиԥш амашәырқәа ианиахьеит ҳамцарцәаҩцәа. Зны адәқьан аҿы амцакра аныҟала, ҳамцарцәаҩ ила иҭҟәацыз аԥаҭлыка аԥҽыха хыслеит, уи ашьҭахь излак иабаӡом. Ус аӡәы инапы ԥҟап, аӡәы қьырсҭак иқәҳап, аха излауала ҳхы ҳахьчоит. Уи зегьы ҳаццакроуп изыхҟьо, абылрақәа раан аамҭа акраҵанакуеит", - еиҭеиҳәеит Қьырҭбаиа.
Гәдоуҭатәи амцарцәара-аиқәырхаратә хәҭа аиҳабы иусқәа назыгӡо иара убасгьы иҳәеит араион шдуу, ҽнак аиқәырхаҩцәа ҭымҵкәа ишыҟамлац.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны АҶА аусзуҩ Лыхны ақыҭан амцарцәараан ааха иоуит
"Гәылрыԥшь араион аамҭакала 34 мегаватт афымца ахархәаразы азин амоуп. Уажәы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи аусура иалагеит, уи инамаданы афымцалашара ахәархәара иаҳа иацлеит, аха ҳраион иазоужьу арбагақәа ҳархымсӡеит, убри аҟнытә аҭагылазаашьа цәгьам ҳәа ахыуҳәаартә иҟоуп. Ҳара иазыԥҵәоу арбага ҳахысрангьы ҳаҟам. Акаҭрантә зауад аҿы аус зуаз амаинингтә ферма акәзар, уаанӡагьы иаҿаҳхьан, уи аферма еиҳагьы еиҳан, маҷ-маҷ ақәгара иаҿын. Иахьазы уи азауад аҿы акгьы ыҟаӡам. Аштаб еиҿкаауижьҭеи 20 ферма инарзынаԥшуа аҿыхуп. Иҟоуп актәи амш инаркны аԥшәмацәа аилкаара аарԥшны иаҿызхыз, уи ашьҭахьгьы иаҿазымкыз. Иҟоуп еиҭа иаҿазкуагьы, урҭ рфермақәа зынӡагьы иқәыргартә аҟынӡа ҳазнеит, иахьазы быжь-фермак араион аҿы зынӡагьы иқәгоуп", - еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
"Асовет мчра ашьақәгылара аҵак ду змоу даҟьоуп Аԥсны аҭоурых аҿы. Сажәахә аҿы еиҳарак сызлацәажәоз Аԥсны асовет аамҭазы асоциалтә-економикатә ҟазшьа змаз ахҭысқәа ракәын. Сазааҭгылеит ақыҭанхамҩа аус, ареформақәа иҟаҵаз, ашколқәа аҿиара шроуз, акультуратә ханқәа рыргылара. Иазгәаҭатәуп, Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь ҳтәыла аекономика даара аҿиара шаиуз, даара асоциалтә ҭагылазаашьа еиӷьхеит. Уи ҳнарбоит архивтә материалқәа, иара аҵарауаагьы уи ҭырҵаахьеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габелаиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Асовет мчра ашьакәыргылараз ақәԥаҩ: Ефрем Ешба иҭакра шыҟалаз
АҞӘА, хәажәкыра 2– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 208-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 19-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 34-ҩык, урҭ рахьтә 28-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 7-ҩык, ибжьаратәуп -19-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу жәаҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит ԥшьҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 11-ҩык.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>