"Гагра раион аҭагылазаашьа даара ицәгьоуп. Ари ахьҭақәа иҟаз ирацәаны авариақәа ҟалеит. Иахьа алашара ажәлар ироуртә иҟаҳҵеит. Аҟәа имҩаԥысит аилацәажәара. Урыстәылантәи шаҟа мегаватт ҳауа ҳара инаҳхуеи ҳаинаалом, аԥкрақәа ҳрылагоит. Раионцыԥхьаӡа ишашаны ирырҭеит, шаҟа-шаҟа иԥктәу. Аподстанциа аиҳабы сареи иахьҳарцәо, ишҳарцәо, ишыҟахҵо, уаха иҳаӡбароуп. Амаининг аус аанаҳамкылар, еиҭа ҳаицәахар ҳәа сшәоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аиба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны иазымхар ҟалоит иззеиқәшаҳаҭханы урыстәылантәи иаауа афымцалашара
Гәдоуҭа ачазауад аиҳабы Лакоба алашаразы ауадаҩрақәа рзы: ҳариааироуп, уаҳа ԥсыхәа ыҟам
"Ацәаӷәара аамҭа макьана имааицт, аха уи азы иҳамоу атехника архиаразы аусура мҩаԥысуеит. Ақыҭанхамҩа аминистрраҿы иаԥҵан акомиссиа, араионқәа рахь иныҟәон, игәарҭон атехниказы аҭагылазашьаа зеиԥшроу атәы. Уажәнатә иуҳәар ҟалоит атәылаҿы иҟоу атехника зегьы еиқәыршәахоит ҳәа, иагыз ҟаҵахоит. Ацәаӷәара зҭаху иҟаиҵоит аҳәара, анаҩс инеины ирцәаӷәоит. Ҳара иҳамоу атехникала ҵыԥх аасҭа сынтәа аиҳа ҩынтә еиҳаны иаҳцәаӷәарҭә алшара ҳамоуп, аха ацәаӷәара аамҭа анааилак, иаразанак зегьы рҿы иузыцәаӷәаӡом, амшцәгьагьы уи аус еиԥнарҟьоит. Астанциа ақалақь аҿоуп иахьыҟоу, атехника ақыҭақәа рахь ицароуп, уигьы аамҭа агоит. Знык дахьцо даҽа ҩынтә-хынтә ацара иқәшәоит, избанзар, зегьы аԥара еицрымам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Барганџьиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Шьоууа: аҿар иаҳа ихьаԥшуа иалагеит ақыҭахь, аарыхратә усқәа рахь
Бигәаа еиҭеиҳәеит Гал араион ақыҭанхамҩаҿы имҩаԥысуа аусурақәа ртәы
Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 11 рзы. Хәажәкыра ҩба рзы акандидатцәа рҭаҩра иалагеит.
"Аиаша уҳәозар, хәыҷык ауадаҩрақәа ыҟоуп уи аганахьала (алхыҩцәа рсиазы - аред.), избанзар ауаа ԥсуеит, иҟоуп 18 шықәса зхыҵыз, шьҭа қәрала абжьыҭарахь инеир зылшо. Абри аиҿкаара уадаҩуп (асиазы - аред.), избанзар акомиссиаҿы зегьы ирҭахым аусура, ҳаҭыргьы амам уи ҳәа сгәы иаанагоит. Аиашазы, адепутатцәа иалырхуагьы, ианнеиуа аҭыԥаҟны, рнапы ианырҵо ишахәҭоу ирзынагӡом. Уи даҽа зҵаароуп, аха алхрақәа анааиуа ауп зегьы ҳаҩуа ҳанрышьҭало. Еиқәҳаршәоит асиақәа, аха агхақәа рацәаны ианрымоу ыҟоуп. Исҭахын изахәҭоу зегьы алхрақәа рҟны инеиларц… Есымша ауадаҩрақәа цәырҵлоит ақыҭақәа рҟны алхратә комиссиақәа реиқәыршәаразы. Уи аамҭа агоит… Алхрақәа раан асиақәа рызҵаара есымша ицәырҵоит", - ҳәа азгәеиҭеит Гыцба.
Иара игәаанагарала алхратә комиссиақәа рхантәаҩцәа ҿҳәарак рыҭаны иарҭозҭгьы, аҭагылазаашьа иаҳа еиӷьхон.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рахь акандидатцәа рҭаҩра иалагеит
Аџьынџьал иҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа раан иалагалоу аԥсахрақәа
Кәыҵниа аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рзы: аҿар иаҳа иазҿлымҳауп