Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа амаинингқәа рызҵааразы: аиҳабыра алахәзар ҟалоит, уи ауп ҳзазымаиааиуагьы

© Sputnik / Томас ТхайцукВалерий Кварчия
Валерий Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 19 инаркны "Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара ауааԥсыра рзынашьҭра ԥнакуа иалагеит аенергосистема ахьанҭара ахьацлаз азы. Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа ари аҭагылазаашьа ахҳәаа аиҭеит.
Кәарҷиа амаинингқәа рызҵааразы: аиҳабыра алахәзар ҟалоит, уи ауп ҳзазымаиааиуагьы

"Амза 18 рзы ҳҭыҵыр акәын, аха абжаҩык инарзынаԥшуа ари ачымазара бааԥсы рыхьны иҟоуп. Ажәлар зегь реиԥш ҳаргьы хьаас иҳамоуп афымцалашара акәша-мыкәша имҩаԥысуа ахҭысқәа. Ҳара амаининг ахархәаразы азин ыҟамзарц ақәҵара ҟаҳҵеит, иҳаҩсыз ашықәс азы Аминистрцәа реилазаара азин рнаҭеит аус иалагартә еиԥш. Ҳара аӡәгьы дҳазымҵааит, аха ақәҵара ҟаҳҵахьан. Анагӡаратә амчраҿы иҟоуп ари аус, зегь раԥхьа досу дара рус ҟарҵароуп. Зны иаҿырхуашәа, нас иаҿаркуазшәа ахәмаррақәа ицо, иахьа ачымазара бааԥсы аамҭа ҳанҭагылоу аамҭазы, амаинерцәа рус иаҿуп, аԥара дырҳауеит. Сара аҩнынтә аиҿцәажәарақәа мҩаԥызгоит, Амшынеиқәафымцамч аиҳабы, азиндырыҩцәа срацәажәахьеит, аусура ҳҭыҵыр раԥхьа инаргылан ҳнапы зҳаркуа ари азҵаароуп. Иара кыр иҵаулоуп, кыр ишәарҭоуп. Афымцалашароуп зхы иақәиҭны иҳамоу, иара ас ҳалахәмаруа, џьоукы аԥара ҟарҵо, џьоукы ргәахәтәы иахьырмыгӡо, ус хара цашьагь ҳамаӡам. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр аизараҿы иҳәеит уи аус адепутатцәагьы аминистрцәагьы алахәуп ҳәа, урҭ ԥыҭҩык ыҟоуп, уи ауп ҳзазымаиааиуагьы", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0