Аԥсны Жәлар рартист Арвелод Ҭарба иҳәеит аҿкычымазара COVID – 19 шихьыз, аҳақьымцәа ирырҭо абжьгарақәа рыла аҩны иҭаацәеи иареи аҽыхәышәтәра ишахысуа.
"…ижәбоит акарантин ишацҵоу, даара ҳгәы хьаауеит, ансамбль аҟынтәи аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи аҭел иасуеит, ҳанбаҭыҵуеи ҳәа иҵаауеит, ихьааргоит. Даара ҳусқәа еилажьны иҟоуп, азин ҳарҭар, аусура ҳанбалагои ҳәа иԥшуп. Ас еиԥш аҭагылазаашьа зынӡа ишьақәнарҟьагәышьоит, аха иҟаҳҵари? Досу хаҭала рҽазыҟарҵоит, аха уи ахәаӡом. Аусура ҳҭыҵыргьы мызкы-ҩымз аҽазыҟаҵара ӷәӷәа аҭаххоит, ижәбоит шаҟа аамҭа цахьоу. Мызкы аколлектив аԥсшьара ианауҳажьуаз, аусура ҿыц ҳалагазшәа ашьапеихгара ҳцәыцәгьан, уажәы шаҟа аамҭа ҵуа аус ҳамуеижьҭеи. Акәашаҩ ашьапылымпыласҩы диҩызоуп, иҽазыҟаимҵакәа ампыл иҭаны астадион дықәуҵар, ахы-аҵыхәа дызнеиӡом, игәы аангылоит, иԥсы акуеит, - ус иҟоуп акәашацәагьы", - иҳәеит Ҭарба.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Сурманиӡе аԥкрақәа рықәныҟәаразы агәаҭарақәа рылҵшәазы: ауаа иаҳа игәцараркит
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Сақаниа: сынтәа еиԥш ауаа ҩ-напыкала анхара рымкыцызт
"Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп": Какалиа аԥсуа қыҭа иахьатәи абзазашьеи аҿиареи ртәы
"Сыԥсҭазаараҿы разҟны исоуит аҭаацәараҟны аилибакаара, уи иара иганахьала иҟан, сара сганахьалагьы. Ирымҳәалои аихыбаара ҟалалоит ҳәа, ҳаҩнаҭаҟны иҟамызт. Уи иаргьы иџьшьоуп, саргьы", - лҳәеит Софа Агәмааԥҳа.
Аԥсны Жәлар рартистка иазгәалҭеит асценаҟны лықәгылара ашьҭахь раԥхьатәи ашәҭқәа лхатә ҩыза Виктор Џьниа (Абаза) иҟынтәи ишлоуаз, лзанааҭ акәымызҭгьы еинасыԥымхаргьы ауан ҳәа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Ахра Аҩӡба иаанкылара Аԥсны аҩныҵҟатә ус акәны, азинхьчаратәи аӡбарҭатәи усбарҭақәа ркомпетенциа иаҵанакуа усны иахәаԥшуеит. Абри азы Ацҳаражәҳәарҭа Facebook аҿтәи адаҟьаҿы аҳәамҭа ҟаҵоуп.
"Аҭагылазаашьа амилаҭтә закәанԥҵара инақәыршәаны аҭышәныртәалара мҩаԥысып ҳәа агәыӷра ҳаманы ааԥхьара ҟаҳҵоит, ауаажәларра-политикатә еиҿкаарақәа рахь азиндырратә аспектқәа рхы рыларымгалаларц, аҳәынҭқарра аҩныҵҟа аҭынчра аиқәырхаразы", - азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.
Агәыԥ "Пятнашка" акомандир, Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба дахьынхоз аҩнаҟны иаадырԥшит иҵәахыз абџьар, аџьаԥҳаны, ахархәага ҷыдақәа, арадиодырраҭара мҩаԥызго ашьақәгылақәа.
Ахра Аҩӡбеи дзыхьчоз иҩызцәа хәҩыки рганахьала ашьаус хацыркуп уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.
Хәажәкыра 7 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡбеи ихьчаҩцәа: Талех Гасанов, Аслана Гуатижев, Андреи Локтионов, Станислав Культа мызкы ҭакрала ирхыргарц аӡбамҭа аднакылеит.
Владимир Шьербаков, административтә зинеилагара мҩаԥигеит ҳәа даанкылоуп хәажәкыра 9-нӡа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: