Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә ҿкы COVID-19 аламырҵәаразы аԥкрақәа жәабран 10 рҟынӡа ирыцҵоуп. Урҭ инарықәыршәаны ашколқәраҟынӡатәии азеиԥшҵаратәи еиҿкаарақәа аус руам.
"Ари аамҭазы ашколи аҵаҩи реимадара акызаҵәык ауп иаҳнаҭаз, ахәыҷы ашкол ихамшҭуа аҟаҵара. Ҳара ҳханҳәны ҳаныҟала, ҳахьаанхаз ала ҳалагоит (аҵара-аред.). Ари ахәыҷқәа иддырҵаз, хаҭалатәи арҵаҩы изнеишьа атәы ҳахәаԥшӡом. Ахәыҷқәа аҩныҟа ианаҳашьҭуаз ирҵуаз ахь ҳгьежьыроуп. Хәыҷы-хәыҷла идырҵатәуп, аԥхынтәи амшқәа мызкы ацҵаны, насгьы асабша алаҵаны, ахәыҷқәа ирымҵаз зегьы харҭәаатәуп, убасҟан ауп инрыҭатәу ахәшьара", - лҳәеит Ҭаркьылԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Смыр аҵаратә процесс ахацыркразы: аҭагылазаашьа ҳҽаршьцыланы имҩаԥаҳгароуп
Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа мҩаԥысит мшаԥы 11 рзы.
"Адепутатрахь иқәгылаз акандидатцәа ҩажәаҩык рахьынтә 15-ҩык алхын. Иманшәаланы еилагарада имҩаԥысит алхрақәа. 5196- ҩык ашәҟәы иҭагалаз алхыҩцәа рҟынтәи 2052 -ҩык алхрақәа рхы рыладырхәит. Уи аԥхьа иҟаз ас еиԥш алхрақәеи дареи еиҿурԥшуазар, усҟан 2800-ҩык ыҟан алхыҩцәа. Актәи аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп иааиуа ашәахьаҽны мшаԥы 19 рзы. 15-ҩык адепутатцәа рахьынтә ҩыџьа аҳәса ыҟоуп. Уи аԥхьа иҟаз адепутатцәа рахьынтә ҩыџьа ықәгылан, руаӡәк ҩаԥхьа далырхит, уи Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аиҳабы Лали Гаргәылиа лоуп", - лҳәеит Ажьиԥҳа.
Ажьиԥҳа лгәаанагара лҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь инеиуа адепутатцәа зеиԥшразар акәу.
Мшаԥы 14 Аԥсны ашәахтә маҵзура аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәамшуп. 27 шықәса раԥхьа иаԥҵан Ареспублика аҳәынҭқарратә ашәахтә маҵзура, анаҩс уи ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ҳәа иҟалеит 2002 шыкәсазы.
"Иахьа Аԥсны ашәахтәқәҵара иазыԥҵәоу ауаҩы изымшәо, ибизнес иазышьҭнамхо иҳаракӡам. Иаагозар, иара иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә атәы ҳҳәозар, Урыстәыла 20 процент ыҟоуп, ҳара ҳҟны 10. Аилыркаа ҟасҵар сҭахуп, ихьанҭоу ашәахтә иазыԥҵәоу акәӡам, ихьанҭоу атауар анаауго, ирҭиаанӡа аԥхьа ишәатәу аҳазалхратә хеилак еизырго ауп. Уи, хымԥада, иаруадаҩуеит аус. Ашәахтәқәҵара иазыԥҵәоу 10 процентк абизнес иаԥырхагахаратәы иҟам, ашәахтәқәҵара напхгара азура асистема аганахьала иаҭахуп арԥсыҽрақәак ралагалара, сгәаанаграла, аха уи иазхәыцуазар акәхап", - иҳәеит Габуниа.
Шәазыӡырҩы аудио.