91 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, аԥсуа бызшәеи абаза бызшәеи рыҭҵааҩы, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьаз Лидиа Платон-иԥҳа Ҷкадуа.
"Аԥсуаҭҵаарадырра ацәыӡ ду аиуит. Ҳәарада, зегьы аџьалк-аџьалк ҳамоуп, аԥсҭазаара ҳаԥсахыр ҟалаӡом, аха абриаҟара аҵак ду змаз, абриаҟара ҟазҵахьаз ауаа рыԥсҭазаара акыр иаузар ҳҭахуп. Лара аханатәгьы иӡбаны илымамызт ари азанааҭ алысхуеит ҳәа. Лидиа Платон-иԥҳа Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет "кавказтәи афилологиа" захьӡыз аҟәша дҭан, лара илылаз аҟыбаҩ азгәаҭаны еицырдыруа академик Ломҭаҭиӡе лнапхгаралоуп кавказтәи абызшәақәа рыҭҵаара злахацлыркыз. Азыҟаҵара бзиа рыҭаны аусеицура бзиа иалагеит Шьоҭа Арсҭааи лареи. Еицаԥырҵеит уаанӡа иҟамыз зыҩаӡара ҳаракыз, аиҳабыратә ҵараиурҭақәа ирызкыз арҵагатә шәҟәқәа. Анаҩс еицаԥырҵеит аԥсуа бызшәазы арҵагатә шәҟәқәа. Лара ҷыдала дзызкыз аԥсуа бызшәа аморфологиа аҭҵаара акәын, ашьҭахь ажәарқәа реиқәыршәара далахәын, уажә иҭыҵран иҟоу аҩышьаԥҟаратә жәар реиқәыршәара лыхәҭа алоуп, иара мазеиуп, акьыԥхь ахь инаҳашьҭратә аҟынӡа инаҳгахьеит. Дҳагхеит аҵарауаҩ ду, кыр ҳабжьызгоз, имҩақәҵагаз ҳаиҳабацәа иреиуаз", - ҳәа азгәалҭеит Ҳагԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҭҵаарадырра зыԥсҭазаараз: лдунеи лыԥсахит академик Лидиа Ҷкадуаԥҳа
Аԥсны акамшьиа акра иалагоит ԥхынҷкәынмзазы, ихдыркәшоит жәабран-хәажәкыра амзақәа рзы. 2020-2021 шықәсқәа рзы Аԥсны азин ыҟоуп 42 тонна рҟынӡа акамшьиа акра.
"Иахьазы аԥсыӡкраҟны ахьысҳарақәа ыҟоуп. Ҵыԥх 7 нызқь тонна инеиҳаны иаҳкит, сынтәа акәзар 1300 тонна роуп иаҳкхьоу, уи даара имаҷуп. Ҳара заанаҵы азауад аҟны аусурақәа мҩаԥаагеит, иаҭахыз амаҭәахәқәа рыла ҳҽеиқәҳаршәеит, аха ҳаззыԥшыз аԥсыӡ ахыԥхьаӡара ҟамлеит. Ҳгәы каҳажьӡом, игәаҳҭап ҽааны ишыҟало", - иҳәеит Ашәба.
Аԥсны аԥсыӡтә зауадқәа ааба ыҟоуп. Ашәба иажәақәа рыла аԥсыӡкразы иҟоу аквотақәа ақыҭанхамҩа аминистрраҟны ирзеихыршеит 5-5 нызқь тонна. Аԥсыӡкразы азин азауад иаанахәоит, уи акразы аамҭа анааиуа, аԥҟара инақәыршәаны 30 процент ахә иаразнак иахыршәаауеит.
Шәазыӡырҩы аудио.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Сақаниа: сынтәа еиԥш ауаа ҩ-напыкала анхара рымкыцызт
"Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп": Какалиа аԥсуа қыҭа иахьатәи абзазашьеи аҿиареи ртәы