Атуризм аминистрра аҽазныкгьы Аԥсны абренд алкааразы абжьыҭара мҩаԥнагоит ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.
"Актәи аетап аҿы алхрақәа нымҩаԥысуаз сыҟан. Уаҟа иалырхит жәа-усумҭак. Сара уа иаалухыҵәҟьо ҳәа акагь сымбеит, избанзар, ишақәнаго иара азакәанқәа ишрыҵаркуаз акгьы ҟаҵаӡамызт. Сара иаҳа аԥыжәара зысҭаз ахәаԥшцәа иалырхыз аҟынтә зынӡагьы иалымшәаӡеит", - ҳәа иҳәеит Логуа.
Аҟаза иажәақәа рыла аемблема ашьақәыргыларазы ҳтәыла аҭоурых дырны иазнеитәуп.
"Иарбанзаалак амилаҭ рхатә культура рымоуп. Ашьха, ага уи еилкаауп, аха амандаринала акәӡам Аԥсны шырдыруа, уи ахаангьы аҭоурыхтә ҭыԥқәа амоуп, еицырдыруа. Иҟауҵаша рацәаны иҟоуп, аха уи шьаҭанкыла аҭоурых дырны уазнеироуп. Аемблема Аԥсны злеицырдыруа формала ишьақәгылазароуп, иара ахатәы дырга амазароуп. Уи атуризм аҿы мацара акәым еиуеиԥышым ахырҭақәа рҿы ухы иаурхәо иҟалароуп. Ахыццакра аҭахӡам, аконкурс зегьы ирдыруа иҟаҵазар, Аԥснынтә иалахәхо рацәахоит ҳәа сгәы иаанагоит", - еиҭеиҳәеит Логәуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Аҟәатәи алхратә комиссиа аинициативтә гәыԥқәа ашәҟәы ранҵара хацдыркуеит хәажәкыра 2 инаркны.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара аусбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы" ахәҭаҷ 5 инақәыршәаны, алхрақәа мҩаԥгахоит 2021 шықәса мшаԥы 11 рзы".
"Акомиссиа астатус амазароуп. Алхарақәа рымш аҽны ауаа аусутә раҳҭоит алхрақәа аус рыдырулартә еиԥш. Алхратә комиссиа ирылаҭалатәуп ауалафахәы. Азакәан излаҳәоз ала уи азы азин ҳамамызт, аӡәы аусура иааԥхьара, уи азы аԥара изшәаразы, аха уажәшьҭа уи аҭагылазаашьа ԥсахуп. Аҩбатәи- есымша проблемас иҳаман алхратә сиақәа. Хаҭала асиақәа уанрызхәыцлак, алхраҿы ауаҩы ихы рылаирхәуеит атәылауаҩшәҟәы ала. Закәанла уахәаԥшуазар, алхратә сиақәа иаҳа ииашаны измоу апаспорт-визатә маҵзуроуп. Шықәсқәак раԥхьа апаспортизациа Аԥсны имҩаԥган, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иахь ашәҟәы ҳҩит, дахаҵгылеит, иҳауит апаспортә-визатә маҵзура иамоу абаза. Убарҭ рыла аус хурц ҳҭахуп, еилаҳкаарц ҳҭахуп, шаҟаҩы Аҟәа инхо. Иара убас иԥсахын алхырҭатә ҭыԥқәа. Иҟан аҭыԥқәа 400-ҩык алхрақәа рхы ахьрыладырхәуаз, иҟан 1500-ҩык раҟара алхыҩцәа ахьыҟазгьы. Иахьынӡаҳалшоз зегьы еиҟараны еицырзеиԥшны иҟаҳҵеит", - еиҭеиҳәеит Аџьынџьал.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Аҟәа аподстанциақәа хәба ыҟоуп, дара зегьы раионцыԥхьаӡа иаҵанакуеит. Ҩышықәса - хышықәса ҵуеит ақәыӷәӷәарақәа ирыцлеижьҭеи, аха уажәы иаҳа анырра ҟало иалагеит. Дара астанциа маҷқәа рҿы иқәгылоу атрансформаторқәа амчхара ирымоу иахысуа иалагеит. Ақалақь азҳара иаҿуп. Ауаа рхыԥхьаӡара иацлеит. Анаплакқәа еиҳахеит. Ахьҭақәа раан иаҿаркуа амаругақәа иаҳа ирацәахоит. Алашара аҩнаҭаҿы инеиаанӡа ацәыӡгьы рацәоуп ацәаҳәақәа ирыхҟьаны. Аҭагылазаашьа зынӡагьы ицәгьоуп ҳазҳәаӡом, хәыҷы-хәыҷла аԥсахра иаҿуп амаругақәа. Хәышықәса рахьтә знык имҩаԥгалатәуп апрофилактикатә усурақәа. Акапиталтә усурақәа ракәзар, "Синоп" аподстанциа 2014 шықәса рзы ихыркәшан, аподстанциа "Аҟәа-2" ҟаҵан 2016 шықәса рзы. Уажәы "Аҟәа-1" аҿы Аинвестпрограммала аусурақәа мҩаԥысуеит. Акызаҵәык, арҭ аподстанциақәа рҿы атрансформаторқәа зымчхара иаҳа иҳараку ықәыргылахом макьана, апроект аханатә ианышьақәдыргылоз иарбамызт", - ҳәа еиҭеиҳәеит Цәеиба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Блабба афымцалашара ақәыӷәӷәара арԥсыҽразы: аелектронтә ԥхьаӡагақәа рыда ԥсыхәа ыҟам
Аԥсны Урыстәыла аҿаԥхьа афымцалашара аиуразы ауал ақәуп
АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Бенур Қәираиа еиҭеиҳәеит Қырҭтәылаҟа дызцаз Sputnik аинтервиу анеиҭоз.
"Сара иарбанызаалак сажәа, схымҩаԥгашьа рзы аҭакԥхықәра саҵагылар сылшоит. Сара ИАЕ "Шәқәырча", зых иақәиҭу аекономикатә зона напхгара асҭон. Қырҭтәылаҟагь ахада инапынҵала акәӡам сышцаз. Жәабран 18 рзы ахада иасҳәеит ихьӡала сцар шысҭаху, аха мап сцәикит, ицхырааҩыс сыҟанаҵы Қырҭтәылаҟа сшымцо атәгьы иҳәеит. Жәабран 19 рзы аршаҳаҭга шьҭасҵеит. Сара Қырҭтәылаҟа сцеит хатәхаҿык иҳасабала, атәылахь аинвестициақәа радыԥхьалараз. Абаӷәаза сыргылар сҭахуп, асасааирҭақәагьы. Исҭахуп ара инхо ажәлар рбеиара, Аԥсныҟа аԥара ҭазгалар сҭахуп. 1989 шықәса раахыс ахақәиҭратә қәԥара агәҭа сгылоуп, аибашьра зегь схызгеит, аибашьра ашьҭахьгьы исылшо зегь ҟасҵоит стәыла аизырҳаразы", - иҳәеит Қәираиа.
Қәираиа иҳәеит Қырҭтәылаҟа ицара агәҭынчымра зызцәырҵуа зегьы хаҭала иара иҿы инеины иҟоу шыҟоу еилыркаарц.
"Ацәажәара хзыртлаз апартиақәа сразҵаарц сҭахуп, ирымоума ҳекономика шьҭызхыша программак, ҳаҳәсеи ҳхәыҷқәеи ирыцхрааша социалтә программак. Еснагь Урыстәыла анапы ҳаныԥшылалома?" ҳәа дҵаауеит иара.
Иара иҳәеит Қырҭтәылаҟа дызцаз Урыстәыла инхо иҩыза, абизнесуаҩ дибарц шакәу.
"Сара уахь сцара иахықәкыз зых иақәиҭу аекономикатә зонаҿы аинвистициақәа аҭыԥ роурц ауп. Ара ахы иақәиҭны ахәаахәҭра мҩаԥысуазароуп, адунеитә хәаахәҭратә центр ыҟазароуп. Убри азоуп сара сзеибашьуаз", - иҳәеит Қәираиа.
Иара убри аан иазгәеиҭеит партиак дшалам, иусқәагьы апартиақәеи аиҿкаарақәеи рақәшаҳаҭра аҭахны ишимбо.
"Сара исҭахуп Аԥсны инхо зегьы бзианы инхаларц, рыбзазара еиӷьхарц, ҳхәыҷқәа аҵара бзиа роурц, ҳарҵаҩцәа аулафахә бзиа роурц", - иҳәеит иара.
Аҩаша, хәажәкыра 2 рзы Аҟәа, Аԥсны Апарламент ахь инеит ауаажәларра, аоппозициа, апартиақәа рхаҭарнакцәа ахада уаанӡатәи иабжьгаҩ иумҭа иақәыӡбарц.