"Имҩаԥган акомитеттә еилатәара. Аԥсны ахада иаишьҭит апроектқәа ҩба. Урҭ ирҳәо амаининг закәаншьаҭада рхархәараз ашьаус аартреи, ахараԥсеи рыдҵареи атәоуп. Ҳахьақәшаҳаҭу аҭыԥқәа ыҟоуп, иҟоуп ҳзықәшаҳаҭым, аха иаадкыланы апроект асессиахь анагара ҳазыхиоуп, ҳазыхиоуп уи адкыларагьы. Раԥхьа иргыланы ҳара ҳзызхәыцуа ауаа алашара еиԥҟьарада ироуа аҟаҵароуп, уи азы амаинингқәа русура аанкылатәуп. Ари азакәан иацраԥшьу, иахьыԥшу рацәоуп, аха ҳара аамҭа мгакәа, акриптофермақәа русура атәы зҳәо мацара ааныжьны, адкылара ҳгәы иҭоуп. Адепутатцәа иахырҳәаауа атәы макьана исыздыром, уи анаҩс иаҳнарбап. Азакәан апроект аҿы ишарбо ала ари аус зынӡагьы иаанкылахоит. Иахьазы амаининг ахархәаразы аҭагылазаашьа ыҟаӡам, ус алшара ҳамаӡам. Анаҩс, уаҵәы, уи аекономистцәа зегьы иааидтәаланы, иҟалома уи ахархәара, лҵшәа амоума, изыҭатәыда уи ахархәаразы азин, уҳәа ахы иқәҵатәхоит, аха уи даҽа мҩак ауп", - азгәеиҭеит Гәниа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Араионтә штабқәеи Аԥсны ААРи уахыки-ҽнаки рыла 23 МВт иҟаз 37 маининг-обиект аҿырхит
"Ҳраион аҟны 20 қыҭа ыҟоуп, ашьамаҟа хыԥхьаӡарала иугозар 45 нызқь рҟынӡа инаӡоит. Ачымазара бааԥсқәа узыцәшәаша ҳәа макьана акгьы ҳамам. Арахә ачымазара рыламҽырц ҳазҿу аусурақәа ыҟоуп, аха ҳазхьымӡогьы рацәоуп. Сара аусураҟны аҳақьым дсымаӡам. Афельдшер аӡәы апрактика дахысуеит, аӡәы еилзырго лоуп акәымзар, аҳақьым ҳара ҳҟны дааиӡом ауалафахәы амаҷра иахҟьаны. Ачымазарақәа рҟынтәи ахшәқәа ааҳгоит, ҳамч ахьынӡарықәхо. Араион аҟынтәигьы ацхыраара ҟарҵоит, аха уи жәаџьара ишаны хәҭак. Абиуџьет уажәы еиҵартәеит, 80 нызқь мааҭ шықәсык ҳәа иԥхьаӡан. Хык 350 мааҭ ақәӡоит иҟауҵозар (ахәшә). 45 нызқь хы арахә ахьыҟоу, ажәқәа мацара аагозар, хәҭак хыџьара- ԥшьыџьара ишаны иҟалоит. Ачымазара рыхьаанӡа апрофилактика аҳасабала алаҵа ҟауҵароуп", - иҳәеит Гыцба.
Шәазыӡырҩы аудио.
"Ашколқәа зегьы рҿеиԥш ҳаргьы аҵаратә процесс хацҳаркит, аусурагьы еиҿкаан асанитартә ԥҟарақәа инарықәыршәаны. Аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьырацәоу аклассқәа еихшан ҩ-гәыԥкны. Арҵаҩцәагьы аҵаҩцәагьы ашкол ахь ианааиуа иаҳшәоит ршоурақәа. Аха убри аан аиҵбыратә классқәа рырҵаҩцәа хҩык ачымазара рцәа иалалеит. Иазгәаҭатәуп, дара рхы ишакум ирбаанӡа аусура аҟнытә рхы ишақәиҭтәыз. Ҩ-ҭаацәарак рҿы ахәыҷқәа анычмазаҩха, дара зычмазаҩхаз еилкаахаанӡа, ачымазараҿкы ҳаламларцаз даргьы русура аанкылан. Арҵаҩцәа ҩыџьа рҿы ачымазара аналкааха, асанитартә ҳақьым лахь адырра ҟасҵеит акласс аҿы итәоу ахәыҷқәа зегьы ргәаҭаразы. Адырҩаҽны, иаашьҭын абригада иҟаз аҵаҩцәа зегьы рҟнытә иган анализ, иара убасгьы арҵаҩцәа рҟнытәгьы. Игәарҭаз аҵаҩцәа рҟнытә аӡәы иҟны ачымазара шьақәдырӷәӷәеит. Аклассқәа рыхԥа аҽыԥхьакрахь ишьҭуп хәажәкырамза 4-нӡа", - ҳәа еиҭалҳәеит Делԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.