"Адистанциатә ҵара даара иуадаҩуп. Ауаа аинтернеттә хархагақәа ишахәҭоу ирымаӡам, ақыҭақәа рахь иҟаӡам, ақалақь аҿы измоу рхы нацәырга-аацәыргоит, избанзар, ирҭахӡам дистанциала аҵараҵара. Жәа-ҩык ахәыҷқәа ахьтәоу, 5-6-ҩык цәырҵуеит аефир ахь, иҟоуп иахьмаҷу еиҳагьы, иҟоуп еиҳа иахьырацәоу. Аҭелқәеи апланшетқәеи зегьы ирымаӡам, аҭаацәа ртелефонқәа рыла изҭыҵзом, урҭ аусурахь ицоит. Изаҳӡои, даара ауадаҩрақәа ацуп ас еиԥш аҵараҵара. Арҵаҩцәа аусура иазгәаҟны иҟоуп, аҭыҵра рҭахуп, ахәыҷқәагьы убас. Асанитартә маҭәахәқәа рыла ҳацәгьамкәа ҳазыхиоуп, аусура ҳалагар еиҭа иацаҳҵоит, ашоурашәагақәа ҳамоуп школцыԥхьаӡа. Акызаҵәык, ахәыцра аҭахуп, ажәалагалақәа ҟаҳҵахьеит, асабшагьы ҳхы иаҳархәо, аԥхынтәи амзақәа руаки ҳзацҵар, инҭырҳәцааны апрограмма зегьы ҳзахымсыргьы, зыда ԥсыхәа ыҟам аматериал ҳахьӡоит ҳәа иҳаԥхьаӡеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габлиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 11 рзы. Хәажәкыра ҩба рзы акандидатцәа рҭаҩра иалагеит.
"Аиаша уҳәозар, хәыҷык ауадаҩрақәа ыҟоуп уи аганахьала (алхыҩцәа рсиазы - аред.), избанзар ауаа ԥсуеит, иҟоуп 18 шықәса зхыҵыз, шьҭа қәрала абжьыҭарахь инеир зылшо. Абри аиҿкаара уадаҩуп (асиазы - аред.), избанзар акомиссиаҿы зегьы ирҭахым аусура, ҳаҭыргьы амам уи ҳәа сгәы иаанагоит. Аиашазы, адепутатцәа иалырхуагьы, ианнеиуа аҭыԥаҟны, рнапы ианырҵо ишахәҭоу ирзынагӡом. Уи даҽа зҵаароуп, аха алхрақәа анааиуа ауп зегьы ҳаҩуа ҳанрышьҭало. Еиқәҳаршәоит асиақәа, аха агхақәа рацәаны ианрымоу ыҟоуп. Исҭахын изахәҭоу зегьы алхрақәа рҟны инеиларц… Есымша ауадаҩрақәа цәырҵлоит ақыҭақәа рҟны алхратә комиссиақәа реиқәыршәаразы. Уи аамҭа агоит… Алхрақәа раан асиақәа рызҵаара есымша ицәырҵоит", - ҳәа азгәеиҭеит Гыцба.
Иара игәаанагарала алхратә комиссиақәа рхантәаҩцәа ҿҳәарак рыҭаны иарҭозҭгьы, аҭагылазаашьа иаҳа еиӷьхон.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рахь акандидатцәа рҭаҩра иалагеит
Аџьынџьал иҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа раан иалагалоу аԥсахрақәа
Кәыҵниа аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рзы: аҿар иаҳа иазҿлымҳауп
"Тҟәарчалынтә Аҟәаҟа ҳаарышьҭит. Арратә госпиталь аҿы ибзиан ҳрыдыркылеит. Аҳақьымцәа ихааны, иԥшӡаны иҳаҿцәажәон. Ҳҳақьым Фатима Баширова ҳахьышьҭаз даныҩналалак мацара лҿыԥшылара акыр иаԥсан, убысҟак дыбзиан. Сыԥшәмеи сареи ҳашьҭан 11 мшы Аҟәа, анаҩс дара мцар ауамызт, ианцоз иахәҭаз зегьы ҳзыҟарҵеит. Ахәшәқәа ҳзылырҩааит, анаҩс еиҭа ҳанцозгьы ԥыҭк ҳарҭеит, урҭ иахьагьы иҳадаҳкылоит. Даара иӷәӷәаны иаҳхаҵгылеит. Зегьы хәыда-ԥсада иаҳзыҟарҵеит. Уахык убас еиԥш аҭагылазаашьа шьақәгылеит, сыԥшәма данеимҳәоз ашьа лҿыҵуан, убасҟан лара илзыҟарҵеит гәыр ӷәӷәак, уи азы аӡәгьы аԥара ҳамимхит. Убасҟан илзыҟарымҵазҭгьы, ауха дыԥсуан", - ҳәа еиҭеиҳәеит Делба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҟәатәи арратә госпиталь COVID-19 злаз аҵыхәтәантәи апациент дылырҩааит
Амиссиа ҷыда: урыстәылатәи амедусзуҩцәа Аҟәа амедалқәа ранаршьеит
АҞӘА, хәажәкыра 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭатәи араионтә еизарахь ашәҟәқәа неишьҭит араион ахадас Баграт Боџьгәуа икандидатура ахәаԥшразы ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Апресс-маҵзураҿы ишырҳәаз ала адокумент анапы аҵаҩын жәабран 26 рзы.
Баграт Боџьгәуа Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа дҟаҵан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала 2020 шықәса, лаҵарамзазы. Боџьгәуа ари аҭыԥ аҿы диԥсахит Руслан Ладариа.
Гәдоуҭа араионтә еизара адепутатцәа Боџьгәуа араион ахадас дшьақәыдмырӷәӷәеит ажьырныҳәа 29 азтәи реилатәараҿы. Уи азы бжьык игхеит.
Аконституциатә процедура инақәыршәаны атәыла ахада азин имоуп 30 мшы рыҩныҵҟа аҽазныкгьы Боџьгәуа икандидатура адепутатцәа ирыдигалар, мамзаргьы аҽа кандидатурак рыдигалар.
Аизараҿы ақалақь, араион ахадас зыӡбахә ҳәо икандидатура рыдрымкылар, атәыла ахада азин имоуп аамҭала анапынҵақәа назыгӡо иаҭара.
Араион, Аҟәа ақалақь, аҳабла, ақыҭа ахадас дҟалар илшоит Аԥсны атәылауаҩ, 30 шықәса ирҭысхьоу, 5 шықәса еиҵамкәа аџьатә ԥышәа змоу.