Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Какәыбаа Очамчыра араион анхацәа ззыԥшу ацхырааразы

© Foto / предоставил Тенгиз КакубаваТенгиз Какубава
Тенгиз Какубава - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2021
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион аекономикеи ақыҭанхамҩеи азԥхьагәаҭаратә усбарҭа аиҳабы Ҭенгьыз Какәыбаа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит иахьазы анхацәа цхыраарас ирырҭар ирылшо, урҭ ргәы иҵхо азҵаарақәа ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Какәыбаа Очамчыра араион анхацәа ззыԥшу ацхыраара атәы

"Аԥхаррақәа заа иааит. Иахьа анхацәа араса аилыхра адгьыл азыҟаҵара рнапы алакуп. Ҳара ҳганахьала излаҳалшо амаҷ аҟны ҳрыцхраауеит. Ақыҭанхамҩа аминистрра аҟынтәи ахәшәқәа ҳауеит. Ақыҭақәа рхадацәа ааны шаҟа гектар рзы ахәшә рҭаху амармалташьтә пты аҟынтәи аума, егьырҭ ачымазарақәа рҟынтә ԥырхага ҟамларц азы адырра ҳарҭоит, хәыда-ԥсада ираҳҭоит. Ари амза нҵәаанӡа аҟәаҟәа икыдырҵо ахәшәҭаҭәагақәа ҳарзыԥшуп, 30-40 цыра ҳауеит ҳәа ҳгәыӷуеит. Урҭ аабаҟа метра ахәшә ԥсаҟьаны икарҭәоит. Ахәшәқәагьы ҩымчыбжь рыҩныҵаҟа, амза нҵәаанӡа иҳауазар ҳәа ауп", - иҳәеит Какәыбаа.

Иара иазгәеиҭеит анхацәа рҟынтәи ирыдҵаало шыҟоу акарпыжә ааӡара, адгьылқәа рыцәаӷәара, арахә ааӡара, уҳәа еиуеиԥшым егьырҭ ахырхарҭақәа рыла ақыҭанхамҩа аминистрра аҟынтәи рыцхыраара иазку апрограммақәа ыҟоума ҳәа. Какәыбаа иҳәеит ашьха зааӡо шрыдҵаало, араион аҟны 500- тонна инареиҳаны ацха рзымҭикәа ишрымоу ауаа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0