Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьынџьиа аалыҵ аҳәаа ахыгараҿы аԥҟара ҿыцқәа рзы: ҳаиҵанархеит, аха анхацәа ирыхәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАркадий Джинджия
Аркадий Джинджия - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2021
Анапаҵаҩра
Акарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Аркади Џьынџьиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа ҳтәылаҿы иҟаз аҽаҩра бзиа аҳәаа ахыгара аус арманшәаларазы иаԥҵаз аҭагылазаашьақәа ртәы.

Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа акарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа ахаҭарнакцәеи иареи реиԥылараҿы иалацәажәеит Аԥсны аҩнуҵҟатәии адәахьтәии афитосанитартә гәаҭарақәа рзы апунктқәа русура атәы, насгьы уи аус анаҩс еиҳагьы еиӷьхартә еиԥш иҟаҵатәу.

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьынџьиа ацитрустәқәа аҳәаа рахыгаразы иалагалаз аԥсахрақәа ирызкны

"Сынтәеиԥш аҽаҩра беиа егьырҭ ашықәса рзы иҟаӡамызт. Аҳәаа ахыгара апроблемақәа ҟамларцаз, уаанӡа адәахьтәи акарантин аҿы аус зуаз ҩыџьа-хҩык ракәын. Аха сынтәа аҽаҩра анбеиаха, ажәлар агәаран иқәымгыларцаз, атехника ҿыц иаахәаны аусзуҩцәа рҭыԥ иацҵан. Уи даара иманшәалахеит Аԥснынтәи аалыҵ аҳәаа ахыгараҿы. Усҟантәи ашықәсқәа рзы аҳәаа ахыгарааан 12 мааҭ ршәон ацитрустә шәырқәа рзы. Сынтәа ахә лаҟәхеит ф-мааҭк рҟынӡа. Сынтәа 100-200 кьыла зго рзыҳәан акарантинтә сертификаттә ахәԥса ларҟәын 300 мааҭ рҟынтәи 25 мааҭ рахь. Ари даара ирыхәеит анхацәа. Ԥасатәи ақәҵарала 100 кьылак згоз ишәар акәын 1200 мааҭ. Уажәы, ҿыцтәи ақәҵарала изтәоит 100 мааҭк. Ҳара ҳаҩнуҵҟа ари хәыҷык ҳаиҵанарӷәӷәеит, аха ажәлар хәарҭас ироуит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьинџьиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0