"Арҵаҩцәа аусура иҭыҵхьеит, апланқәа зегьы ҳрыхәаԥшит, ишьақәҳарӷәӷәеит аҵаратә процесс шхацыркхо. Ҳалагоит абжьааԥнеиԥш хԥа-хԥа лекциала, иҟоуп амшқәа ԥшь-лекциакгьы анҳамоу. Ҳара иҳамоуп 322-а астудентцәа, аха 150 рҟынӡа роуп ҽынла иныҟәо, егьырҭ латәарадатәиқәоуп. Аамҭа рацәа ҳацәцеит, амала аҩны ҳтәанаҵы ҳарҵаҩцәеи ҳҵаҩцәеи аимадара рыман. Онлаин аурокқәа ҳара иаҳзеиҿымкааит, аха еиҭа иаҭаххоны иҟалар, ҳара ҳарҵаҩцәа атренингқәа ирхысит, уажәшьҭа иара изакәу ҳдыруеит, аус шадулатәу еилаҳкааит, аха абыржәтәи аамҭазы ҳара ҳхы иаҳзамырхәаӡеит. Ҳара уи макьана аҵара акәын ҳазҿыз. Ҳара ҳхы иаҳархәаз уажәазы, агәыԥқәа аԥҵаны адҵақәа раҳҭон, аҭакқәагьы ҳауан, иззеилымкаазгьы азҵаауан. Аимадара ыҟан. Ибзиаҵәҟьангьы иҟан. Ус еиԥш еиҿаҳамкаазҭгьы, аҵарашықәс абжа ҳцәыӡуан зынӡа. Ҳазхысызгьы зегьы хазынаха иҟалеит, зегьы ишахәҭоу адыррақәа роуит ҳәа ҳазҳәом. Убри еилаҳкаарцаз амза 15 инаркны 1-нӡа аҵарашықәс актәи азбжа иазаҳкуеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Габлиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа хәажәкыра 10 рҟынӡа ирыцырҵеит
Аҵаратә процесс жәабран 15 рзы ихацыркхар ҟалоит
"Аремонттә усурақәа ирзоурыжьран иҟоуп 3 миллионки 500 нызқь мааҭи. Урҭ аԥарақәа ҳарзыԥшуп. Апроект ала аџьармыкьа аартны иазгәаҭоуп, аха иаркызар иаҳа еиӷьхон. Уажәы ахәаахәҭразы аџьармыкьахь иааиуа ауаа маҷуп. Иахьықәгыло ыҟаӡам, ақәа леи, асы леи, адәы иқәгылазароуп. Бедиа ибгаз амҩа иахҟьаны аџьармыкьаҿы ахәаахәҭыҩцәа агхеит. Уажәы ауаа адәахьы ихәаахәҭуеит, астолқәа ргыланы ирымоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Шәазыӡырҩла арубрика "Жәлар рдоуҳа" арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны есхаша.
Атекст шәаԥхьар ҟалоит абра>> "Амалқәа зегьы ирмалу" – аҳамҭа аҵаки ҳамҭас иҟарҵои