"Ари есымза имҩаԥаҳго аҽазыҟаҵарақәа роуп. Ашықәс азыбжазы иааизакны аҽазыҟаҵарақәа зегьы ахәшьара раҳҭоит, еиӷьу еицәоу иалаҳкаауеит. Иҿоу афицарцәа разыҟаҵараҿы иахәҭоу аметодқәа алаҳхуеит, нас ашықәс анынҵәалак аихшьаала ҟаҳҵоит. Афицарцәа иааиуа зегьы аҟәатәи арратә ҵараиурҭа иалго, насгьы Урыстәыла арратә ҵараиурҭа ирылго аҷкәынцәа роуп. Еиҿҳарԥшуазар, ҳаргьы ицәгьамкәа иазыҟаҳҵоит ҳәа сгәы иаанагоит. Урыстәыла еиҳагьы алшара рымоуп, ҳара иҳаиԥшым, аха ҳаргьы иауҳашьҭуа афицарцәагьы џьара иахьеиӷьхогьы ыҟоуп. Иаҳҳәап, ахысраҿы, махашьахала аҽазыҟаҵараҿы. Урыстәыла иаҳа аҵара аганахьала ақәыӷәӷәара арҭоит, ҳара иҳалшо еиҳа апрактикатә усурақәа рымҩаԥгароуп. Убри аҟнытә ҳафицарцәа ицәгьамкәа иазыҟаҵоуп ҳәа ахәшьара рыуҭар ҟалоит", - еиҭеиҳәеит Мышәба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Сақаниа: сынтәа еиԥш ауаа ҩ-напыкала анхара рымкыцызт
"Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп": Какалиа аԥсуа қыҭа иахьатәи абзазашьеи аҿиареи ртәы
"Сыԥсҭазаараҿы разҟны исоуит аҭаацәараҟны аилибакаара, уи иара иганахьала иҟан, сара сганахьалагьы. Ирымҳәалои аихыбаара ҟалалоит ҳәа, ҳаҩнаҭаҟны иҟамызт. Уи иаргьы иџьшьоуп, саргьы", - лҳәеит Софа Агәмааԥҳа.
Аԥсны Жәлар рартистка иазгәалҭеит асценаҟны лықәгылара ашьҭахь раԥхьатәи ашәҭқәа лхатә ҩыза Виктор Џьниа (Абаза) иҟынтәи ишлоуаз, лзанааҭ акәымызҭгьы еинасыԥымхаргьы ауан ҳәа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ргәыԥк ахада Аслан Бжьаниа ԥхьатәара дцарц ааԥхьара ирҭеит.
Ааԥхьараҿы аветеранцәа иазгәарҭеит 2020 шықәсазтәи анапхгареиҭакреи уи ашьҭахьтәи алхрақәеи атәылаҿ аҭагылазаашьа шеиҭарымкыз, 2004 шықәса раахыстәи аполитикатә кризис еиҳагьы аҽшарҭбааз.
"Ақәԥара ахьӡала ақәԥара ҳарааԥсеит. Адәныҟатәи ашәарҭарақәа ракәӡам ҳазҿагылогьы, ҳара ҳара ҳаиҿагылоуп. Иахьа зегьы еилыркаахьеит иалху амҩа, аиаша уҳәозар амҩа аҟамзаара, хара имгакәа аҳәынҭқарра ацәыӡрахь ҳашкылнаго", - аҳәоит аԥшьгаратә гәыԥ ирыладырҵәаз ааԥхьара.
Аҳәынҭқарразы ишәарҭоу ахылҿиаақәа ралмыршаразы, амилаҭ ԥхьаҟатәи рыҿиараз аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵаразы аветеранцәа ааԥхьара руеит:
Аҩаша, хәажәкыра 9 рзы аветеранцәа атәылаҿ иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьазы Аҟәа апресс-конференциа мҩаԥыргеит.