Арадио Адунеизегьтәи амш азгәарҭоит 2012 шықәса раахыс жәабран 13 рзы. Ус еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит ИУНЕСКО (аҵареи, аҭҵаарадырреи, акультуреи рзы Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара иҷыдоу аусҳәарҭа- аред.) аконференциа хадаҟны. Ари амш машәыршақә иалрымхит, 1946 шықәса жәабран 13 рзы раԥхьаӡа акәны аефир ахь иҭыҵит "ООН арадио", уи астанциа Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара аштаб-квартираҟны иҟан.
Аԥсуа радио адиктор Кама Адлеиԥҳа 16 шықәса аефир аҟны ажәабжьқәа дрыԥхьоит. Лара еиҭалҳәеит аусура дшалагаз атәы, ажәабжьқәа уаҿамхаӡакәа рыԥхьаразы иҟаҵатәу.
Шәазыӡырҩы аудио.
Аҟәатәи алхратә комиссиа аинициативтә гәыԥқәа ашәҟәы ранҵара хацдыркуеит хәажәкыра 2 инаркны.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара аусбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы" ахәҭаҷ 5 инақәыршәаны, алхрақәа мҩаԥгахоит 2021 шықәса мшаԥы 11 рзы".
"Акомиссиа астатус амазароуп. Алхарақәа рымш аҽны ауаа аусутә раҳҭоит алхрақәа аус рыдырулартә еиԥш. Алхратә комиссиа ирылаҭалатәуп ауалафахәы. Азакәан излаҳәоз ала уи азы азин ҳамамызт, аӡәы аусура иааԥхьара, уи азы аԥара изшәаразы, аха уажәшьҭа уи аҭагылазаашьа ԥсахуп. Аҩбатәи- есымша проблемас иҳаман алхратә сиақәа. Хаҭала асиақәа уанрызхәыцлак, алхраҿы ауаҩы ихы рылаирхәуеит атәылауаҩшәҟәы ала. Закәанла уахәаԥшуазар, алхратә сиақәа иаҳа ииашаны измоу апаспорт-визатә маҵзуроуп. Шықәсқәак раԥхьа апаспортизациа Аԥсны имҩаԥган, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иахь ашәҟәы ҳҩит, дахаҵгылеит, иҳауит апаспортә-визатә маҵзура иамоу абаза. Убарҭ рыла аус хурц ҳҭахуп, еилаҳкаарц ҳҭахуп, шаҟаҩы Аҟәа инхо. Иара убас иԥсахын алхырҭатә ҭыԥқәа. Иҟан аҭыԥқәа 400-ҩык алхрақәа рхы ахьрыладырхәуаз, иҟан 1500-ҩык раҟара алхыҩцәа ахьыҟазгьы. Иахьынӡаҳалшоз зегьы еиҟараны еицырзеиԥшны иҟаҳҵеит", - еиҭеиҳәеит Аџьынџьал.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Аҟәа аподстанциақәа хәба ыҟоуп, дара зегьы раионцыԥхьаӡа иаҵанакуеит. Ҩышықәса - хышықәса ҵуеит ақәыӷәӷәарақәа ирыцлеижьҭеи, аха уажәы иаҳа анырра ҟало иалагеит. Дара астанциа маҷқәа рҿы иқәгылоу атрансформаторқәа амчхара ирымоу иахысуа иалагеит. Ақалақь азҳара иаҿуп. Ауаа рхыԥхьаӡара иацлеит. Анаплакқәа еиҳахеит. Ахьҭақәа раан иаҿаркуа амаругақәа иаҳа ирацәахоит. Алашара аҩнаҭаҿы инеиаанӡа ацәыӡгьы рацәоуп ацәаҳәақәа ирыхҟьаны. Аҭагылазаашьа зынӡагьы ицәгьоуп ҳазҳәаӡом, хәыҷы-хәыҷла аԥсахра иаҿуп амаругақәа. Хәышықәса рахьтә знык имҩаԥгалатәуп апрофилактикатә усурақәа. Акапиталтә усурақәа ракәзар, "Синоп" аподстанциа 2014 шықәса рзы ихыркәшан, аподстанциа "Аҟәа-2" ҟаҵан 2016 шықәса рзы. Уажәы "Аҟәа-1" аҿы Аинвестпрограммала аусурақәа мҩаԥысуеит. Акызаҵәык, арҭ аподстанциақәа рҿы атрансформаторқәа зымчхара иаҳа иҳараку ықәыргылахом макьана, апроект аханатә ианышьақәдыргылоз иарбамызт", - ҳәа еиҭеиҳәеит Цәеиба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Блабба афымцалашара ақәыӷәӷәара арԥсыҽразы: аелектронтә ԥхьаӡагақәа рыда ԥсыхәа ыҟам
Аԥсны Урыстәыла аҿаԥхьа афымцалашара аиуразы ауал ақәуп
АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. Хәажәкыра ҩба рзы Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рахь акандидатцәа рҭаҩра иалагеит. Азакәан инақәыршәаны апроцедура алхрақәа рымш 40 мшы шагу иалагароуп, абжьыҭара амш 20 мшы шагу ихыркәшахароуп.
2020 шықәса цәыббра 24 рзы Аԥсны Апарламент адепутатцәа ареспубликаҿы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа 2020 шықәса абҵара 1 азы имҩаԥысраны иҟаз ииаргеит акоронавирус ҭагылазаашьа иахырҟьаны 2021 шықәса мшаԥы 11 ахь.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы" азакәан инақәыршәаны алхратә еиҿкаара азин амоуп кандидатк алхратә округ аҟынтәи иқәыргылара.
Алхыҩцәа ргәыԥ аҟынтәи акандидат иқәыргылараан хәҩык иреиҵамкәа излахәу аԥшьгаратә гәыԥ аԥырҵароуп.
"Иарбо агәыԥ ашәҟәы иҭаргалоит ақалақь, араион, аҳабла, ақыҭа рҟны иҟоу алхратә комиссиаҿы. Ақалақь, араион реизарахь адепутатрахь акандидат иқәгыларазы алхыҩцәа ргәыԥ 50 иреиҵамкәа 70 иреиҳамкәа напынҵамҭа еизыргароуп, ақыҭа, аҳабла реизарахь – 10 напынҵамҭак иреиҵамкәа" ҳәа аҳәоит азакәан.
Алхыҩ ижәла, ихьӡ, иабхьӡ, даниз арыцхә, иҭыӡҭыԥ, итәылауаҩшәҟә ма уи зыԥсахуа адокумент аномер ахьарбоу анапынҵаратә бӷьыц аҟны инапы аниҵоит.
Анапынҵаратә бӷьыц шьақәирӷәӷәоит анапынҵамҭақәа реизгара азин змоу ахаҿы (ижәла, ихьӡ, иабхьӡ, даниз арыцхә, иҭыӡҭыԥ, итәылауаҩшәҟә ма уи зыԥсахуа адокумент аномер арбаны).
"Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы" азакәан ахәҭаҷ 2 инақәыршәаны депутатс далххар ҟалоит Аԥсны атәылауаҩ, алхрақәа рымш азы 25 шықәса зхыҵхьоу.
Аҭыԥантәи аӡбарҭақәа рахь адепутатцәа ԥшьышықәса ҳәа ҿҳәарас ирыҭаны иалырхуеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит 1998 шықәсазы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: