Жәабран 15 инаркны ирԥсыҽхоит акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсны иалагалаз аԥкрақәа, уи азы аусԥҟа инапы аҵаҩит атәыла ахада. Азин ыҟоуп ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи русура алагара, асанитар-гигиенатә шәагазагақәеи аԥҟарақәеи инарықәыршәаны.
"Ҳара ҳзы ныҳәак иаҩызоуп ҳашколқәа русура ахьхацыркхо. Аҟәа араион аҟны абжьаратә школқәа жәаба ҳамоуп. Аклассқәа рҟны итәоу аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара хҩык инаркны 14-ҩык рҟынӡа ауп иахьынаӡо. Акороновирустә ҿкы аламырҵәаразы жьҭаара 15 инаркны ашколқәа рҟны аҵара аанкылан. Иахьынӡауаз ала арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи дистанциала аҵара амҩаԥгара рҽазыршәеит, аха уи ирацәаҩны аҵаҩцәа рхы рзаламырхәеит иахәҭаз атехникеи аинтернет еимадареи аҟамзаара иахҟьаны", - лҳәеит Сарсаниаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыхны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил шәазыӡырҩыр.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Прудникова: аҵаратә процесс аиҭахацыркразы азин ҳгәы иахәеит, аха ашәарҭарагьы ацуп
Габлиаԥҳа еиҭалҳәеит аҵарашықәс аиҭахацыркра ашьҭахь аколлеџь аҿы аҵаратә процесс шцало
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Сақаниа: сынтәа еиԥш ауаа ҩ-напыкала анхара рымкыцызт
"Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп": Какалиа аԥсуа қыҭа иахьатәи абзазашьеи аҿиареи ртәы
"Сыԥсҭазаараҿы разҟны исоуит аҭаацәараҟны аилибакаара, уи иара иганахьала иҟан, сара сганахьалагьы. Ирымҳәалои аихыбаара ҟалалоит ҳәа, ҳаҩнаҭаҟны иҟамызт. Уи иаргьы иџьшьоуп, саргьы", - лҳәеит Софа Агәмааԥҳа.
Аԥсны Жәлар рартистка иазгәалҭеит асценаҟны лықәгылара ашьҭахь раԥхьатәи ашәҭқәа лхатә ҩыза Виктор Џьниа (Абаза) иҟынтәи ишлоуаз, лзанааҭ акәымызҭгьы еинасыԥымхаргьы ауан ҳәа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ргәыԥк ахада Аслан Бжьаниа ԥхьатәара дцарц ааԥхьара ирҭеит.
Ааԥхьараҿы аветеранцәа иазгәарҭеит 2020 шықәсазтәи анапхгареиҭакреи уи ашьҭахьтәи алхрақәеи атәылаҿ аҭагылазаашьа шеиҭарымкыз, 2004 шықәса раахыстәи аполитикатә кризис еиҳагьы аҽшарҭбааз.
"Ақәԥара ахьӡала ақәԥара ҳарааԥсеит. Адәныҟатәи ашәарҭарақәа ракәӡам ҳазҿагылогьы, ҳара ҳара ҳаиҿагылоуп. Иахьа зегьы еилыркаахьеит иалху амҩа, аиаша уҳәозар амҩа аҟамзаара, хара имгакәа аҳәынҭқарра ацәыӡрахь ҳашкылнаго", - аҳәоит аԥшьгаратә гәыԥ ирыладырҵәаз ааԥхьара.
Аҳәынҭқарразы ишәарҭоу ахылҿиаақәа ралмыршаразы, амилаҭ ԥхьаҟатәи рыҿиараз аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵаразы аветеранцәа ааԥхьара руеит:
Аҩаша, хәажәкыра 9 рзы аветеранцәа атәылаҿ иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьазы Аҟәа апресс-конференциа мҩаԥыргеит.