Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҳәԥҳа галтәи ашколқәа русуразы: ашәахьа инаркны асабшанӡа аҵара ҳҵалоит

© Foto / предоставила Ельмира Абухба Ельмира Ахуба
Ельмира Ахуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2021
Анапаҵаҩра
Гал араион аҵара аҟәша аметодист, аԥсуа бызшәазы аспециалист хада, Хьацҳатәи ашкол арҵаҩы Ельмира Аҳәԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит араион аҿы ашколқәа русура шеиҭахацыркхо атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аҳәԥҳа галтәи ашколқәа русура иазкны

"Ашколқәа зегьы ирызшан арзҩыдаратә маҭәашьарқәа. Арҵаҩцәа ракәзар, галтәи ахәышәтәырҭаҿы инеины атетсқәа арҭон. Араион аҿы 19 школ рырҵаҩцәа рахьынтә 5-ҩык ачымазара ҿкы рыхьуеит ҳәа рарҳәеит. Дара рчымазара рхыргаанӡа егьырҭ арҵаҩцәа рыла иԥсаххоит. Ҳашколқәа рҿы амшқәа еихшаӡам, ашәахьа инаркны асабшанӡа аҵара ҳҵалоит. Иахьа инаркны аиҵбыратә классқәа ҭыҵуеит, амза 22 инаркны аиҳабыратәиқәагьы рыцлоит. 20-ҩык ахәыҷқәа иреиҳаны класск аҿы иахьҭәоу – еихшахоит, ашьыжь ианаркны изҵало, анаҩс шьыбжьон нахыс ҳәа. Ас еиԥш аҭагылазаашьа ахьыҟоу ақалақьтә школқәа рҿоуп. Ақыҭа школқәа рҿы ус еиԥш ахәыҷқәа рыцәам", - ҳәа еиҭалҳәеит Аҳәԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0