Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Коӷониа иҳәеит Урыстәыла абанкқәа рыкредит ашәаразы Москва аиԥылара шымҩаԥысыз

© Foto / предоставил Алик Когония Алик Когония
Алик Когония  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2021
Анапаҵаҩра
Ақыҭанхамҩатә комплекс Кындыӷ-агро аиҳабы Алик Коӷониа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрраҿы акредитқәеи апроцентқәеи ирыдҳәалоу азҵаарала имҩаԥысыз аиԥылара атәы.

2015 шықәса рзы Аԥсны аекономика аминистрреи Москва Аинвестициатә маҵзуреи иаԥшьыргеит апрограмма, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи абанкқәа хԥа аԥснытәи анаплакыҩцәа ирырҭеит акредитқәа льготатә шәарала 10% рҟны ишьақәыргылан. Аицлабра иалахәын 40 рҟынӡа инвестициатә проект, иалкаан быжьба.

Аԥара зауз робиектқәа ари аамҭала иргылан иалгахьазар акәын, ркредитқәагьы дырхынҳәхьазар акәын, аха урҭ рҟынтәи аӡәгьы ипроект аҿы иазԥхьагәаҭаз аҭагылазаашьахь имнеицт.

Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрраҿы ирзааҭгылан аԥсуа ган ажәалагалақәа альготатә кредитҭара алахәылацәа руал ареструктуризациеи апроценттә цҵа аоптимизациеи рзы.

Коӷониа еиҭеиҳәеит Урыстәыла абанкқәа рыкредит ашәаразы Москва имҩаԥысыз аиԥылара атәы

"Апроект ҳалагеит 2016 шықәса рзы, раԥхьатәи аԥарақәа ҳарҭеит абҵарамзазы. Бжьымз рыла иргылан 4 гектарк атеплица, амаругақәа зегьы Израильынтә акәын ишҳауаз. Раԥхьатәи ашықәс азы аҽаҩра хар амаӡамкәа иҟалеит, 500 тонна иацны. Уи ашықәсан апроцентқәагьы аркын, егьыи ашықәсангьы иаҳаркит, иааидкыланы 58 миллион мааҭ ҳшәахьан. Шықәсык асубсидиақәа ҳарҭеит. Абанкқәеи ҳареи аиқәшаҳаҭра аныбжьаҳҵозгьы, асубсидиақәа шҳауло атәы ҳарҳәеит. Аха нас ҳаалыҵ аԥхасҭахара иалагеит, технологиала аарыхраҿы агха ыҟан ҳәа акәын ишҳарҳәоз, аха амзыз уҳәа аӡәгьы изышьақәмыргылеит. Ҩышықәса рышьҭахь ауп ианеилкааха, иаҳзықәгылаз аӡықәҭәаразы амаругақәа акгьы ишаԥсам, ишыԥсахтәу. Ҳара ҳхала уи ҳзыԥсахӡом, амаругақәа ахьынтәааго ааны иҟарҵароуп. Аха уажәы акарантин ыҟоуп, дара зымааит, абас ҳабжьаханы ҳаанхеит. Акредит ырхынҳәтәуп 11 шықәса ирылагӡаны, аха ҳара уажәы 20 ҳаҳәеит. Еиҭа апроцент 6% рҟынӡа анагаразы агәыӷрақәагьы ҳамоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Коӷониа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0