"Сахьак аҭоурых" - аԥсуа сахьаҭыхҩцәа рҟазара иазку, зымҽхак ҭбаау проектуп. Амузеи аҿы, ахатәы коллекциаҟны, мамзаргьы агаллериаҟны иҵәаху хаз игоу аҟазаратә ԥҵамҭак иадҳәалоу аинтерес зцу афактқәа, иџьашьаху аҭоурыхқәа ирызку ажәабжь ауп. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ашықәс аҩныҵҟа иазгәаҭоуп икьаҿу авидео ҭоурыхқәа 12 еиуеиԥшым аинформациатә хархәагақәа рҟны рцәыргара. Апроект хықәкыс иамоуп аԥсуа сахьаҭыхҩцәа раԥҵамҭақәа ауаа рацәа рыларҵәара, уи еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иӡыргахоит. "Сахьак аҭоурых" аԥсҭазараа аларҵәара аларшахоит Аҿиаразы аԥсуа уаажәларратә фонд "Амшра" адгыларала", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Апроект "Сахьак аҭоурых" иазку аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Сақаниа: сынтәа еиԥш ауаа ҩ-напыкала анхара рымкыцызт
"Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп": Какалиа аԥсуа қыҭа иахьатәи абзазашьеи аҿиареи ртәы
"Сыԥсҭазаараҿы разҟны исоуит аҭаацәараҟны аилибакаара, уи иара иганахьала иҟан, сара сганахьалагьы. Ирымҳәалои аихыбаара ҟалалоит ҳәа, ҳаҩнаҭаҟны иҟамызт. Уи иаргьы иџьшьоуп, саргьы", - лҳәеит Софа Агәмааԥҳа.
Аԥсны Жәлар рартистка иазгәалҭеит асценаҟны лықәгылара ашьҭахь раԥхьатәи ашәҭқәа лхатә ҩыза Виктор Џьниа (Абаза) иҟынтәи ишлоуаз, лзанааҭ акәымызҭгьы еинасыԥымхаргьы ауан ҳәа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ргәыԥк ахада Аслан Бжьаниа ԥхьатәара дцарц ааԥхьара ирҭеит.
Ааԥхьараҿы аветеранцәа иазгәарҭеит 2020 шықәсазтәи анапхгареиҭакреи уи ашьҭахьтәи алхрақәеи атәылаҿ аҭагылазаашьа шеиҭарымкыз, 2004 шықәса раахыстәи аполитикатә кризис еиҳагьы аҽшарҭбааз.
"Ақәԥара ахьӡала ақәԥара ҳарааԥсеит. Адәныҟатәи ашәарҭарақәа ракәӡам ҳазҿагылогьы, ҳара ҳара ҳаиҿагылоуп. Иахьа зегьы еилыркаахьеит иалху амҩа, аиаша уҳәозар амҩа аҟамзаара, хара имгакәа аҳәынҭқарра ацәыӡрахь ҳашкылнаго", - аҳәоит аԥшьгаратә гәыԥ ирыладырҵәаз ааԥхьара.
Аҳәынҭқарразы ишәарҭоу ахылҿиаақәа ралмыршаразы, амилаҭ ԥхьаҟатәи рыҿиараз аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵаразы аветеранцәа ааԥхьара руеит:
Аҩаша, хәажәкыра 9 рзы аветеранцәа атәылаҿ иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьазы Аҟәа апресс-конференциа мҩаԥыргеит.