Аԥсны арҵаҩцәа рассоциациа (ASURА) асаити ацҵеи хықәкыс ирымоуп ашколқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәеи ашколқәеи рырҵаратә коллективқәа, арҵаратә кружокқәа рырҵаҩцәа рԥышәа аимдара. ASURА аплатформа асаит мчыбжьык ирықәуп аус ауеижьҭеи. Аҟәшақәа рҿы иуԥшаар ҟалоит аматериалқәа, арҵагақәа, астатиақәа, аҭҵаарақәа, авидеоурокқәа Аԥсны аҭоурых, афизика, ахимиа, аурыси аԥсуеи бызшәақәа уҳәа егьырҭ амаҭәарқәагьы рзы.
Аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҟәа имҩаԥысит "Ақыҭанхамҩа аҿиареи, аинновациеи рзы ацентр" захьӡу анаплак ҿыц аалыҵ аӡыргара иазкыз аусмҩаԥгатә. Аӡыргарахь инаган еиуеиԥшым ахәаҷа-маҷақәа рнырҵәаразы рхы иадырхәо ҩынҩажәа рҿынӡа ахәшәқәа. Аиҿкааҩцәа излазгәарҭо ала, ари коммерциатә проектуп. Уи напхгара аиҭоит ақыҭанхамҩа ԥасатәи аминистр Амиран Какалиа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 11 рзы. Хәажәкыра ҩба рзы акандидатцәа рҭаҩра иалагеит.
"Гәдоуҭа араион аҟны алхырҭатә ҭыԥ хадақәа 29 ыҟоуп, ус анакәха 29-ҩык араионтә еизарахь адепутатцәа алхтәуп. Иара убас ақыҭақәа зегьы рҟны имҩаԥысуеит аҭыԥантәи ахадарақәа рахь адепутатцәа ралхра. Афон ҿыц ақалақьтә еизарахь 9-ҩык ралхра еиҿкаахоит. Аԥҟаԥҵәа анҭыжьха ашьҭахь 10 мш алхратә ҭыԥ хадақәеи акомиссиақәеи реиҿкаара мҩаԥаагон. Иахьазы араион аҟны акомиссиақәа зегьы еиҿкаауп. Иахьазы араионтә алхратә комиссиахь аԥшьгаратә гәыԥқәа инаргахьеит 14 –ҩык ркандидатурақәа. Алхыҩцәа рнапынҵақәа реизгаразы ашәҟәқәа раҳҭеит. Хәажәкыра 20-нӡа аҿҳәара рымоуп. Алхыҩцәа 50 иреиҵамкәа, 70 иреиҳамкәа алхыҩцәа рнапынҵа аҭахуп акандидатура ишақәшаҳаҭу ала. Иахьанатә иубаратәы иҟоуп даара активра шыӷәӷәоу. Уажәнатәгьы алхырҭатә ҭыԥ хадаҟны ҩыџьа ахьықәгылоу ыҟоуп, хҩыкгьы рыӡбахә ахьҳәоу. Излазбо ала кандидатк имацара дҟалап ҳәа сгәы иаанагом", - иҳәеит Гәбаз.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара уҩас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, хәажәкыра 5– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 234-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 21-ы акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 34-ҩык, урҭ рахьтә 21-ы акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп фҩык, ибжьаратәуп -16-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 14-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит фҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - жәаҩык.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>