Шәазыӡырҩла арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" есмҽыша арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәахәаԥшыр ҟалоит:
Sputnik авидеоекскурсиа: Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи ацәыргақәҵатә уада
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа аԥхьоит Дырмит Гәлиа иажәеинраала "Сыхаара сыԥсадгьыл"
"Ҳраион аҟны 20 қыҭа ыҟоуп, ашьамаҟа хыԥхьаӡарала иугозар 45 нызқь рҟынӡа инаӡоит. Ачымазара бааԥсқәа узыцәшәаша ҳәа макьана акгьы ҳамам. Арахә ачымазара рыламҽырц ҳазҿу аусурақәа ыҟоуп, аха ҳазхьымӡогьы рацәоуп. Сара аусураҟны аҳақьым дсымаӡам. Афельдшер аӡәы апрактика дахысуеит, аӡәы еилзырго лоуп акәымзар, аҳақьым ҳара ҳҟны дааиӡом ауалафахәы амаҷра иахҟьаны. Ачымазарақәа рҟынтәи ахшәқәа ааҳгоит, ҳамч ахьынӡарықәхо. Араион аҟынтәигьы ацхыраара ҟарҵоит, аха уи жәаџьара ишаны хәҭак. Абиуџьет уажәы еиҵартәеит, 80 нызқь мааҭ шықәсык ҳәа иԥхьаӡан. Хык 350 мааҭ ақәӡоит иҟауҵозар (ахәшә). 45 нызқь хы арахә ахьыҟоу, ажәқәа мацара аагозар, хәҭак хыџьара- ԥшьыџьара ишаны иҟалоит. Ачымазара рыхьаанӡа апрофилактика аҳасабала алаҵа ҟауҵароуп", - иҳәеит Гыцба.
Шәазыӡырҩы аудио.
"Ашколқәа зегьы рҿеиԥш ҳаргьы аҵаратә процесс хацҳаркит, аусурагьы еиҿкаан асанитартә ԥҟарақәа инарықәыршәаны. Аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьырацәоу аклассқәа еихшан ҩ-гәыԥкны. Арҵаҩцәагьы аҵаҩцәагьы ашкол ахь ианааиуа иаҳшәоит ршоурақәа. Аха убри аан аиҵбыратә классқәа рырҵаҩцәа хҩык ачымазара рцәа иалалеит. Иазгәаҭатәуп, дара рхы ишакум ирбаанӡа аусура аҟнытә рхы ишақәиҭтәыз. Ҩ-ҭаацәарак рҿы ахәыҷқәа анычмазаҩха, дара зычмазаҩхаз еилкаахаанӡа, ачымазараҿкы ҳаламларцаз даргьы русура аанкылан. Арҵаҩцәа ҩыџьа рҿы ачымазара аналкааха, асанитартә ҳақьым лахь адырра ҟасҵеит акласс аҿы итәоу ахәыҷқәа зегьы ргәаҭаразы. Адырҩаҽны, иаашьҭын абригада иҟаз аҵаҩцәа зегьы рҟнытә иган анализ, иара убасгьы арҵаҩцәа рҟнытәгьы. Игәарҭаз аҵаҩцәа рҟнытә аӡәы иҟны ачымазара шьақәдырӷәӷәеит. Аклассқәа рыхԥа аҽыԥхьакрахь ишьҭуп хәажәкырамза 4-нӡа", - ҳәа еиҭалҳәеит Делԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.