Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьынџьуа ахәыҷқәа рыӡразы: шаҟа урацәажәо аҟара ргәы иҭоу еилукаауеит

© Foto / предоставила Ирма Джинджуа Ирма Джинджуа
Ирма Джинджуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу зықәра намӡац ахәыҷқәа рзы ауаажәларра ршәарҭадаратә ҟәша аинспектор еиҳабы Ирма Џьынџьуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ахәыҷқәа рыӡра еиҳарак мзызс иамоу атәы.
Џьынџьуа ахәыҷқәа рыӡразы: шаҟа урацәажәо аҟара ргәы иҭоу еилукаауеит

"Ахәыҷқәа аҭаацәа рҟынтә рыбналара зыхҟьо амзызқәа рацәоуп, еиҳарак аҭаацәараҿы азеилымкаара ахьыҟоу, ахәыҷы иҭәымҭаз ипсихика аҽанеиҭанакуа аамҭазы аҩны аанижьыр илшоит. Иҟоуп аҭаацәарақәа ахәыҷқәа ахылаԥшра зынӡагьы иахьрымам, урҭ анаҩс иалырхуеит акриминалтә мҩа. Аҭаацәа ахәыҷқәа ирацәажәалароуп, шаҟа ирацәажәо аҟара игәы иҭоу еилыркаауеит. Ахәыҷқәа еснагь уск иазкызароуп, уи аинтерес рзаҵаны ианыҟала, ацәгьа иацәыхарахоит", - еиҭалҳәеит Џьынџьуа.

Аинспектор лажәақәа рыла ҳтәылаҿы ахәыҷқәа зыҩнаҭа ааныжьны ибнало рхыԥхьаӡара рацәам. Дара иахьхәуеит, аха ишәаны ианымгьежьуа ыҟоуп, азгәалҭеит лара.

"Ахәыҷқәа ԥшааны рҭаацәа ианраҳҭалак ашьҭахь, аинспекциа аусзуҩцәа аҭаацәа ҳарҭаауеит. Ахәыҷи аҭаацәеи хаз-хазы ҳрыҿцәажәоит, уи аус иадҳаԥхьалоит апсихологцәа", - лҳәеит лара.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0