Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Логәуа Арӡынба ибаҟазы: ашәышықәсқәа ирылсны ицартә иҟаҵатәуп

© Foto / Facebook/Nugzar LoguaНугзар Логуа
Нугзар Логуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибаҟазы аицлабра ҩаԥхьа ҿыц ирылаҳәоуп. Аконкурс ахь инашьҭыз х-усумҭак ирыгхаз, иарбан знеишьоу иаарԥштәу арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Акультуреи аҭҵаарадырреи рызҵаарақәа рзы Аԥсны ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа.
Хра злоу ахҭысқәа: Логуа Арӡынба ибаҟазы аусумҭақәа рпроектқәа ирызкны

Жәабран 15 рзы ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартын Владислав Арӡынба ибаҟа апроект аицлабразы аекспозициа. Уи ашҟа инаган аусумҭақәа хԥа. Иара убасгьы акультура аминистрра асаит аҿы онлаин-абжьыҭира мҩаԥган. Уи аихшьаалақәа рзы аминистрра адырра ҟанамҵеит. Жәабран 22 рзы Амонументалтә ҟазараз Аҳәынҭқарратә комиссиа Владислав Арӡынба ибаҟа апроект азы аконкурс ахь инагаз аусумҭақәа мап рыцәнакит, аицлабра ҿыц рыланаҳәеит.

"Инҭкааны, иара аицлабра аҵакы злаҟоу ала, инарҭбааны аганқәа зегьы ирызхәыцны апроектқәа нагӡаны ишьақәгыламызт ҳәа алкаа ҟанаҵеит акомиссиа. Иагьиашангьы иҟарҵеит ҳәа сгәы иаанагоит. Владислав Арӡынба Аԥсны раԥхьатәи ахада иакәны мацара дыҟамызт, амилаҭ дырԥызаны даанхоит наунагӡа, аԥсуа ҳәынҭқарра аҿатә аамҭазы дашьаҭаркҩуп. Ихаҿсахьа ингәылырҭәааны аарԥшра, ҳәарас иаҭахузеи, даара иуадаҩуп, еилыскаауеит. Изныкымкәа иахҳарԥахьан (аицлабра аҽҳәара аред.), ҳамнахар ада ԥсыхәа амоуит, избанзар ари аҩыза абаҟа ашәышықәсқәа ирылсны ицартә иҟаҵатәуп. Иара ихаҿсахьа инашьашәаланы Аԥсны згәылсыз аамҭа зегьы аныԥшуазароуп ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Логәуа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0