Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьопуа Тҟәарчалтәи аџьармыкьазы: апроект ала иаартны иазгәаҭоуп, аха иаркызар иаҳа еиӷьхон

© Foto / предоставлено Сасрыкуой ДжопуаСасрыкуа Джопуа
Сасрыкуа Джопуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2021
Анапаҵаҩра
Тҟәарчалтәи аџьармыкьа аиҳабы Сасрыҟәа Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аџьармыкьаҿы ицо аргыларатә усурақәа ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьопуа Тҟәарчалтәи аџьармыкьа аиҭашьақәыргылара иазкны

"Аремонттә усурақәа ирзоурыжьран иҟоуп 3 миллионки 500 нызқь мааҭи. Урҭ аԥарақәа ҳарзыԥшуп. Апроект ала аџьармыкьа аартны иазгәаҭоуп, аха иаркызар иаҳа еиӷьхон. Уажәы ахәаахәҭразы аџьармыкьахь иааиуа ауаа маҷуп. Иахьықәгыло ыҟаӡам, ақәа леи, асы леи, адәы иқәгылазароуп. Бедиа ибгаз амҩа иахҟьаны аџьармыкьаҿы ахәаахәҭыҩцәа агхеит. Уажәы ауаа адәахьы ихәаахәҭуеит, астолқәа ргыланы ирымоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0