Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарҷиа абиткоин азы: афеида аҵоуп, аха уи аамҭалатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАбессалом Кварчия
Абессалом Кварчия - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2021
Анапаҵаҩра
Абиткоин ахә иаалырҟьаны акаҳара иалагеит, уи аамҭазы абиткоин аахәара иаԥсоу иаԥсаму атәы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит аусдкылаҩ Абессалом Кәарҷиа.
Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиа абиткоин ахә аҽеиҭакра иазкны

"Адоллар агәрагара маҷхеит, уи ауп акриптоԥарагьы зцәырҵыз. Аха уи унапаҟны иузкӡом, уџьыба иузҭаҵаӡом. Иара афеида аҵоуп, аха уи аамҭалатәуп. Ари пирамидашәа иҟоуп, абас иахьа ахә хало, уаҵәы икаҳауа иҟоу аԥара даара ишәарҭоуп, уақәгәыӷратә иҟаӡам. Сара шәсазҵаауазар, иахьа акриптовалиута аасхәаӡомызт. Аԥара укызар, ианаахәатәыз шәықәсыбжак аԥхьа ахә лаҟәны ианыҟаз акәын. Иааухәар, уаиааиргьы ауеит, уаҵахаргьы ауеит, доусы цәаныррала иҟаиҵароуп. Ари хшыҩла, логикала узызнеиуа усӡам. Сара абас еиԥш иҟоу аԥарақәа рыгәра згаӡом. Амаинер ақәыргыларазы сара саҟара алшара аӡәгьы имамзаргьы ҟаларын, аха иагьаасымхәеит, иагьсмыргылеит, исҭахым. Сара ишабалак схы сзалажьуам: знык ибзиахар ауеит, знык ублыр ҟалоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәарҷиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0