Шәазыӡырҩла арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" есмҽыша арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Акаҷыҷ, Аҳардан, Амлахә: аӡахәа, ажь, аҩы аԥсуаа ркультураҿы
Зан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Аҿаҵақәа ирылагоит лаҵара 15 инаркны, аха иара уажәгьы иҳаҳауеит ауаа аарц шырҭаху атәы. Аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿуп, ҳҽеиҵаҳхыр ҳҭахуп, аплан иаҳарбеит иҳагу иҳабзоу, аӡын аамҭазы акурорт аус аҳарурц шаҳҭаху. Ари ашықәс азы раԥхьаӡа акәны аӡынгьы аус ҳурц ҳагәҭакуп. Урыстәылантәи ауаа иҳазҵаауа ыҟоуп, асы рацәаны ишьҭалоит, ара иаангылартә еиԥш иҟаҵатәуп. Ҳәарада, аӡын апансионат ааҳартырцаз аџьабаа даара ибатәуп, атехника ҳҭаххоит. Сынтәа атехника аахәареи аҩнқәа рыргылареи ҳгәы иҭоуп. Аԥхьа ауаа ҳарԥыланы арахь техникала ихаҳгало ала ашьапы аҳаркырц ҳгәы иҭоуп. Аҳәынҭқарра ҳавагылар, иҳацныҟәар, ҳгәы иҭоу рацәоуп", - еиҭеиҳәеит Ахьиба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Адунеи аҿы акоронавирустә инфекциа ҿыц здырбалаз рзеиԥш хыԥхьаӡара 140 миллион иреиҳахеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Џьонс Хопкинс ихьӡ зху ауниверситет. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Авирус реиҳаӡа алаҵәара ахьамоу тәылоуп Еиду Америкатәи аштатқәа-31,5 миллионҩык чмазцәахеит), аҩбатәи аҭыԥ аҟны игылоуп Индиа-14,5 миллионҩык), ахԥатәи аҿы Бразилиа 13,8 миллионҩык.
Мшаԥы 17 адыррақәа рыла аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13924-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13338-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 219-ҩык.
Хәажәкыра 11, 2020 шықәсазы Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара апандемиа рыланаҳәеит акоронавирустә инфекциа ҿыц COVID-19 алаҵәара инадҳәаланы.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>