Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Адлеиба иреиӷьу абаҟа алкааразы онлаин-бжьыҭиразы: алҵшәа аҟазацәа ҳасаб азыруроуп

© Sputnik / Марианна Кубрава Амиран Адлейба
Амиран Адлейба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроектқәа иреиӷьу алкааразы иаартуп онлаин-бжьыҭира. Хшыҩзышьҭра зҭатәузеи апроект алхраан, абри азы игәаанагара арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аскульптор Амиран Адлеиба.
Адлеиба иреиӷьу абаҟа алкааразы онлаин-бжьыҭиразы: алҵшәа аҟазацәа ҳасаб азыруроуп

Абжьыҭира мҩаԥысуеит хәажәкыра 3 асааҭ 10:00 рҟынӡа.

"Аԥсны актәи ахада Владислав Арӡынбеи аҩбатәи апрезидент Сергеи Багаԥшьи ирыҵанакуа амҽхак уазхәыцыр, ҳәарада, ажәлар иразҵаатәын, хымԥада. Ииашангьы иҟарҵеит. Ажәлар рԥызацәа зыԥсоу аҵакы дырны, ажәларгьы алкаа азыҟарҵеит еиуеиԥшымкәа. Иазыҟаҵоу дубап, иазыҟаҵам дубап, аха доусы абжьы ақәдыргеит. Апрофессионалцәа рзы ари аус здырулаша материалуп, шьҭа ҳасаб азыруроуп. Иқәдыргылаз азҵаара аҭак раҳаит. Шьҭа аус злоу, апрофессионалцәа раҳаракыра, рыуаҩра, рҟәышра, раамсҭашәара, рдырра уҳәа абри зегьы иазхәыцны, ишәаны-изаны, аус адырулароуп", - ҳәа азгәеиҭеит аҟаза.

Ремонтные работы на площади Сергея Багапш  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2021
Сергеи Багаԥшь иреиӷьу ибаҟа алкааразы онлаин-бжьыҭира иалагеит

Адлеиба иҳәеит, апроект зегьы шьақәгыланы иҟаларцаз, архитектори аскульптори рус еимадазарц шахәҭоу.

"Аԥсны архитекторцәа рабиԥара реиҵааӡара уаҩы игәы еизҳаратәы иҟоуп, хыԥхьаӡарагьы, ахаҭабзиарагьы. Уи апроектқәа рҿы ианыԥшит. Аскульптура иаҿуп, иаҿугьы рхыԥхьаӡара маҷуп. Уажәы аԥыжәара иаҳа иамоуп апроектқәа. Аха ашҭа аҭҵаара, ақалақь ахадара уи ԥсыҽрас иамоу, уадаҩрас иамоу, лшарақәас иамоу зегьы еилкааны апроект ҳасаб азутәуп. Архитектор иус маҷӡам, аха архитектори аскульптори рыхшыҩ еилаҵаны иалкаау ахаҭара ашьақәыргылараҿы, ҳәарада, дара иеимадазароуп. Апроект алхраан афырхаҵа даабароуп, идоуҳа, иура-иҭбаара, иҩныҵҟатәи идәахьтәи иҭагылазаашьа, иԥшӡара. Абарҭ зегьы аскульптор ианирԥшроуп. Архитектор иҟаиҵо зегьы аскульптор иформа ашәа аҳәартә иҟалароуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Адлеиба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0