"Март 4 рзы Асовет мчра шьақәгылеит Аҟәа, аха Аԥсны иахьабалак ус еиԥш иҟамлеит. Араионқәа зегьы рҿы еиуеиԥшым арыцхәқәа рзоуп ари ахҭыс аныҟала. Уи иаанагоз ажәытәра цеит, ажәытә политикатә мчра ықәҵит, аҿыц ааит ауп. Ари револиуциоуп, избанзар, амчрахь иааит зынӡа иҿыцыз абольшевикцәа рымчра. Ҳәарада, ари амчра ҭынч ишьақәымгылеит, уажәтәи аамҭазы "акадифатә" револиуциақәа ҳәа изышьҭоу иашьашәалоуп, аха усҟантәи ареволиуциа бџьарла ишьақәгылаз ауп, мчыла иҟалаз. Уи иалахәын арратә мчрақәа, иалахәын Кьаразаа, дара бџьарла еиқәных иҟан. Убри аҟнытә ари ҭынч ишьақәгылаз мчроуп уҳәартә иҟам. Уаанӡа Кьаразаа ззықәԥоз асоветтә мчра азоуп ҳҳәозҭгьы, иахьа уи афакт еиуеиԥшым агәаанагара ахылҿиаауеит. Идыруп асовет мчра ашьақәыргылара залшахомызт аменьшевикцәа ықәымцакәа. Аменьшевикцәа уи еиҳарак ақырҭцәа ракәын – асоциалтә-демократиатә партиа алахәылацәа. Усҟантәи аамҭазы Қырҭтәылеи Аԥсни ишьақәгылан иҟаз еиҳарак дара рымчра акәын, уи, ҳәарада, аԥсуаа алахәын, аха амчра еиҳарак аменьшевикцәа ракәын изкыз. Убри аҟнытә, ари аидыслара ганкахьала иаман апартиатә ҟазшьа, аменьшевикцәеи абольшевикцәеи реиҿагылара, даҽакала иаҳҳәозар, аԥсуа жәлар рхақәиҭратә қәԥара иазкын", - ҳәа еиҭалҳәеит Агрԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаԥысит Аԥсны асоветизациа ароль иазкыз аконференциа
Габелаиа Аԥсны Асовет мчра ашьақәгыларазы: ҳҭоурых аҿы аҵак ду змоу даҟьоуп
"Уажәы аус шцо ицалар, амаининг фермақәа ҳарцәошәа, аха ииашаҵәҟьаны уи ус акәымкәа, жәаҳәарада ЕгрыГЕС аныҟарҵалакгьы акгьы иҳахәаӡом, избанзар, иалагеижьҭеи иаҳагьы иацлеит, ауаа ишаархәац иаархәоит, уи иахҟьаны еиҭа аӷьычрақәа цәырҵит, аӡәы иҟынтә аӡәы иӷьычуеит, урҭ рҟнытә даҽа шьоукы, апроцесс уажәгьы иаҿуп. Макьана ахықә аҟынӡа имнеиӡац, ари аанкылашьа амаӡам, избанзар, акриптовалиута ахә ацлара иаҿуп, ауаа знык аԥара агьама збаз, уи имариаӡаны изырҳауа, аанкылаша мчы ҳамаӡам", - азгәеиҭеит иара.
Қорсаиа иажәақәа рыла ас еиԥш ҳашцо ҳцалар, иааиуа аӡын азы ҳенергетика ҳалгоит.
"Иаанхаз атраснформаторқәа акакала, ҩба-ҩбала ибжьыслоит, ас еиԥш ақәыӷәӷәара рзычҳаӡом, иҳауа алашара ҳазхаӡом, аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахоит, ауаа еиҭа иархәалоит амаинингқәа, ирыԥшаалоит излаарго амҩақәа, аха убри аан амаининг аԥхьаҟатәи аԥеиԥш амоуп. Уи ахылаԥшра ӷәӷәа амазароуп аҳәынҭқарра аганахьала, иҟазароуп аԥҟарақәа. "Амшынеиқәафымцамч" атехникатә ҭагылазашьа изаԥнаҵароуп уи зҽазызкыр зҭаху изы, азин ылхны, ашәахтә акәҵаны, алашара ахә ақәҵаны, насгьы, ҭыԥла Гал араион ада афермақәа рыргылара азин ыҟамзароуп. Усҟан ацәаҳәақәа ақәыӷәӷәара роуӡом, уа алашара убыллар, иаҳа иныухуа алашарагьы маҷхоит",- агәаанагара ааирԥшит Қорсаиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
"Ҳазшаз игәра зго зегьы џьанаҭ ҳақәгәыӷуеит, уахь ақәшәаразы иаҳа имаҷны агәнаҳа умазароуп, ибзиоу аусқәа ныҟәугозароуп. Сара иаха амзаҿа ангыла, ҳәарада, сеигәырӷьеит. Ацәылаҷҷара иалгаанӡа, уажәы асааҭ 4 рзы ацәылаҷҷара иалагоит, убраанӡа жәа-минуҭк шыбжьоу ауаҩы акрифароуп, нас акрыфара аанкыланы амра ҭашәаанӡа иԥшоит. Саргьы убас сналагеит иахьатәи сымш. Ауаҩы игәабзиара иазеицәоу Ҳазшаз ԥҟарак ҳара иҳадиҵаӡом, абри аурычрагьы убас ауп ишыҟоу. Ахәыҷы ари идцалаӡам, уныҟәугартә уаныҟалак аамҭа инаркны иахьынӡаулшо иныҟәугоит. Иахьазы ҳаҩнаҭаҿы сыҷкәын дыурычуеит, сара, сан шьҭа лгәыбзиара иауӡом", - еиҭеиҳәеит Џьугьелиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Бадри Есиава. Аԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа "Саянский марш" аҽазыҟаҵара хдыркәшеит, абри атәы иҳәеит аподполковник Алиас Уанаҿа.
Иара еиҭеиҳәеит аҽазыҟаҵарақәа мшаԥы 8 раахыс есыҽны ишымҩаԥысуа асааҭ 6:00 инаркны асааҭ 19:00 рҟынӡа, жәеиза хырхарҭа рыла.
"Арҭ ахырхарҭақәа зегь рынагӡаразы ашьхараҿ, ацаҟьарақәа ирҿысуа аҭыԥқәа ирылгоу амаршрут уахысроуп. Иаҳҳәап, ахысырҭақәа рҿы унеиаанӡа 2,5 километра ашьха аика уқәсны уцароуп. Уажәы уа ԥшь-метрак асы шьҭоуп", - иҳәеит иара.
"Ергаки" аҳауатә ҭагылазаашьа Аԥсны ашьхаратә ҳауа иазааигәоуп асыҭәҳәақәа рыҟазаара ада.
Аԥснытәи аруаа разыҟаҵара аруадаҩит абаза ахьыҟоу аҳаракыра –3000 метра амшын иахыкны. Аԥхьатәи амшқәа рзы ҳаруаа аҳауатә ҭагылазаашьа рҽандыршәон. Убри аан аҽазыҟаҵарақәа мҩасуан аха еиҳа ирԥсыҽны.
Аподполковник иҳәеит аицлабрақәа ҩ-етапкны ишымҩаԥгахо. Аԥынгылақәа змоу азеиԥш маршрут 50 километра иҟоуп. Аруаа ирзыԥшуп асыԥса иагаз еиқәырхара, ашьхаҿҟьара ашәҩақәа рыла албаара, аԥшыхәра амҩаԥгара, ашәҩа ианықәныҟәо ахысра амҩаԥгара, ацаҟьарақәа "ацгәы" ҳәа изышьҭо аҵаақәныҟәагақәа рхархәарала рҿысра, ашахақәа рыла аҿҟьарақәа рылбаара.
"Аицлабра актәи амш азы 25 километра иахысны абнараҿы ақьала ргыланы иԥхьароуп. Уа адәныҟантә цхыраарада иҟазароуп. Ашьыжь аҩбатәи аетап иалагоит. Аиҭах 25 километра иахысроуп егьырҭ аусдҵақәа мҩаԥганы", - иҳәоит Уанаҿа.
Иара иазгәеиҭеит иҟаҵатәу зегьы ауадаҩра ду шрымоу, аха Аԥснытәи аруаа рзы еиҳа иуадаҩу, изышьцылам "ацыгәқәа" рыла ацаҟьарақәа рҿысроуп.
Аԥснытәи акоманда ари аицлабра раԥхьаӡа ишалахәугьы ргәы карыжьуам, рхы бзианы иаадырԥшып ҳәа игәыӷуеит.
Акомандақәа амаршрут ишахысызи рҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәа шынарыгӡази рыхә ршьоит аӡбаратә коллегиа – атәыла-лахәылақәа рхаҭарнакцәа. Авертолиотқәа рҟынтәи онлаин режимла авидеорбарақәа мҩаԥгахоит. Уи иаҭахханы иҟалар иаразнакы ацхыраара алнаршоит, уи адагьы команда-цыԥхьаӡа аинструкторцәа рыцуп.
АрМИ-2021 аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп 15 тәыла рҿы 34 конкурса еицлабра рымҩаԥгара. Аицлабра иалахәуп Урыстәыла акомандақәа фба, Аԥсны, Китаи, Аахыҵ Уаԥстәыла, Таџьикистан, Киргизиа, Узбекистан.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: