Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Бганба COVID -19 зыхьуа рхыԥхьаӡара иахьагхаз азы: иаанагом агәҽанызаара аҭахым ҳәа

© Foto / предоставил Бганба Алмас Бганба Алмас
 Бганба Алмас - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2021
Анапаҵаҩра
COVID-19 зыхьуа ачымазцәа Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны ацхыраара рызҭо ареаниматолог Алмас Бганба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит иахьазы русура шышьақәгылоу атәы.

 

Бганба COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара аиҵахаразы: иаанагом агәаҽанызаара аҭахым ҳәа

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб есҽны иҳаднагало аинформациала ачымазара маҷ-маҷ ахьаҵра иаҿуп. Астатистика иаҳнарбо ахыԥхьаӡарақәа аҳақьымцәа рџьабаа иагнархома, аамҭа мариахоит, ачымазара хьаҵит ҳәа уҳәар алшома? Гәдоуҭатәи аковид-центр иахьа аусура атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ареаниматолог Алмас Бганба.

 

"Уажәазы иаҳа аҭагылазаашьа еиӷьхеит, ачымазаҩцәа рхыԥхьаӡара иагхеит. Даҽакала ҳусура шьақәҳаргылар ҳҭахуп, амедицинатә усзуҩцәа русура аграфик ҟаҵазарц. Уажәраанӡа ареанимациа аҟәшаҟны 18-ҩык ахьышьҭаз, шьҭа иаҳа имаҷхеит, аха ҩаԥхьа исҳәар сҭахуп ҳхы ҳацклаԥшлароуп ҳәа. Убри ауп иалзыршо ачымазцәа рхыԥхьаӡара аиҵахара. Иаҳҭахуп зегьы ачымазара уаҳа аларҵәара амаиурц, аха ҳазыҟаҵазароуп, аҽеиқәнакит уи ҳәа ҳазҳәом. Знык ачымазара зхызгаз ҩаԥхьа ихьӡом ҳазҳәом", - ҳәа азгәеиҭеит Бганба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыхны аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0