Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ануа Аԥсны архәҭақәа ргәаҭара алҵшәазы: ҳамч зқәымхо ҳәа акгьы ҳамбеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВладимир Ануа
Владимир Ануа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәылахьчара аминистрра анапхгара Аԥсны архәҭақәа ргәаҭара хнаркәшеит. Урҭ рылҵшәақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ануа Аԥсны архәҭақәа ргәаҭара иазкны

"Архәҭақәа рҿы ҳахьыҟаз иагыз, ацхыраара ахьаҭахыз, иаразнак уа аҭыԥан ианҳарҽеиуаз ыҟан. Аруаа рыфатә-рыжәтә, ртәарҭа-ргыларҭа, рыԥхарра, афымцалашарала реиқәыршәара уҳәа ауаҩы иԥсҭазаараҿы ииҭаху еиԥш архәҭақәа рҿы аҭагылазаашьагьы ыҟазароуп. Ҳныҟәараҿы уаҩы имч зқәымхо ҳәа акгьы ҳамбаӡеит. Иҟоуп архәҭақәа архьшәашәагақәа ахьажәыз, урҭ рыԥсахра ҳалҳаршартә ҳаҟоуп. Иҟоуп агаз ала афатә ахьыҟарҵо, иҟоуп фымцалашарала иахьыҟарҵогьы. Афатәҟаҵаратә маругақәа ахьажәызгьы ҳаԥсахыртә ҳаҟоуп, дук хара имгакәа урҭгьы рҭыԥ аҿы инеиуеит. Аруаа рымаҭәа-рҩыҭәа акәзар, шықәсыбжак иалагӡаны иԥсаххоит. Уи Урыстәылантәи иаауеит. Ахә зшәо ҳара ҳауп", - ҳәа иҳәеит Ануа.

Архәҭақәа ргәаҭарақәа, урҭ реибыҭашьа аррахь ацара аҭаххара ишаныԥшуа атәы далацәажәауа, атәылахьчара аминистр иҳәеит аидеологиа шмаҷу.

"Аресур ҳамаӡам ҳәа аӡәгьы имҳәароуп. Иҳамоуп. Иаадыруеит ахыԥхьаӡарагьы. Доусы дахьыҟоугьы аадыруеит. Аха имаҷуп аидеологиа, аҭаацәа рҿы ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәа рҿы иҟазароуп аррахь, рыԥсадгьыл ахь абзиабара атәы рылазааӡо. Ԥыхьа аҳәынҭқарра ду аныҟази, уажәы, аибашьрашьҭахьтәи иҟоу аидеологиа еиԥшым. Усҟан гәацԥыҳәарыла ицон аррахь. Иахьа аҷкәын аҵара иҵоит, уи ашьҭахь даҽак ациҵоит, аусура далагоит, даҽаӡәы дыспортсменуп, иаанхо - анхаҩы иҷкәын иоуп. Аибашьраҿы ишыҟаз еиԥш ауп иахьагьы ишыҟоу. Анхаҩы иԥа изы архәҭаҿы иҟоу зегьы маншәалоуп, егьырҭ ракәзар, арраҿы иҟоу апроблемақәа рдыруеит, убри лабҿаба иагьырымбацт", - ҳәа иазгәаиҭеит Ануа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0