Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҟәысба Қьефқьен азеиҭынҵлақәа реиҭаҳаразы: уа иҟаз ахҭыс цәгьа адунеиҿ уаҳа иҟамларцаз

© Foto / Пресс-служба Президента Республики АбхазияАтанур Акусба
Атанур Акусба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Анапаҵаҩра
Қьефқьен амҳаџьырраан аԥсуааи егьырҭ Кавказ жәларқәеи ахьыӡхыҵыз аҭыԥ азааигәара ҳџьынџьуаа азеиҭынҵлақәа ззеиҭарҳаз, насгьы ишеиҭарҳаз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба.
Аҟәысба Қьефқьен азеиҭынҵлақәа реиҭаҳаразы: уа иҟаз ахҭыс цәгьа адунеи аҿы уаҳа иҟамларцаз

"Ҳабдуцәа ахьыӡхыҵыз аҭыԥ асимволтә ҵакы амоуп. Есышықәса уа ҳцаны дара ирхыргаз агәаҟра ҳазхәыцуеит, иаҳгәалаҳаршәоит. Уи аҭыԥ аганаҿ иҟоу адгьылқәа рырԥшӡара, ҳара иаҳнаалартә аҟаҵара хықәкыс иҳамоуп. Уи инамаданы Аԥсуа хеидкыла уа иҟоу абзоурала, ақалақь ахадара рылшарала иазыӡбан азеиҭынҵлақәа реиҭаҳара. Уи абӷьыц адунеи аҿы аинаалара, аҭынчра иасимволуп. Уа иҟалаз ари ахҭыс цәгьа уаҳа иҟамларцаз, ҳҿар идҳардырырц, абри ҿырԥшыгас иҟаҵаны адунеи аҿы ас ацәгьарақәа уаҳа иҟамларацы ахәыцшьа роуратәы ҳҭахуп. Азеиҭын ашәышықәсақәа инареиҳаны аҽеиқәнархауеит. 3500 шықәса иреиҳауп ара иҟоу урҭ аҵлақәа. Абас иҟалаз ари ахҭыс наунагӡа имыӡыртә, ари ҿырԥшыгас иҟаҵаны, аринахыс амилаҭқәа еинаалартә еиԥш, аибашьра иаҟәыҵны аҭынчра ҟаларатәы, абри ҳагәҭакы дҳардырыртә ҳҭаххеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҟәысба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0