"Сынтәа аӡын ихьшәаны иалагеит, аха аҽарцәгьеит. Аиҳабацәа ирҳәалон амза 13 рҟынӡа аӡын иатәуп ҳәа. Ааԥынра ҳазлаҭалахьоу ала сынтәа хәыҷык иханарҟьеит. Жәашықәса раҟара ҵуеит ас еиԥш аҵаа, асы ҳзыҟамлеижьҭеи, аха уи бзиоуп. Ахәаҷамҷақәа ашьуеит, адгьыл иаҳа аҽаҩра беиа унаҭоит. Ааԥын ҳҭалоит, анхара аамҭа ааиуеит, анхаҩы изы (ас еиԥш амш - аред.) иаҳа ибзиоуп. Жәабранмзазы асы бзианы иҳазлеит, шьҭа илеихьоу ҳазхап шаҳҳәоз, иаха еиҭа иҳазлеит аимааҿышәара, ахьҭагьы аҷыхьгьы ацны. Абри аӡын аӡхақәа рахь инеиуа аӡқәа шьҭа иаангылома уҳәо аҟынӡа инеиуан, аԥсабара хәыҷык аӡы ацәмаҷын. Ашьхара асы бзианы имлеир, нас аԥхьаҟа аҽаҩра аарыхраҟны ауадаҩрақәа ҟалон, убри аҟынтәи угәы иахәаратәы иҟоуп, хәыҷык иаҳцәыхьанҭазаргьы", - иҳәеит Ҳашыг.
Иара убасгьы иара дазааҭгылеит аҟашәа азҵаарагьы.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Анқәаб еиҭеиҳәеит хәаԥаа ирыбзазашьоу атәы
"Уажәы аус шцо ицалар, амаининг фермақәа ҳарцәошәа, аха ииашаҵәҟьаны уи ус акәымкәа, жәаҳәарада ЕгрыГЕС аныҟарҵалакгьы акгьы иҳахәаӡом, избанзар, иалагеижьҭеи иаҳагьы иацлеит, ауаа ишаархәац иаархәоит, уи иахҟьаны еиҭа аӷьычрақәа цәырҵит, аӡәы иҟынтә аӡәы иӷьычуеит, урҭ рҟнытә даҽа шьоукы, апроцесс уажәгьы иаҿуп. Макьана ахықә аҟынӡа имнеиӡац, ари аанкылашьа амаӡам, избанзар, акриптовалиута ахә ацлара иаҿуп, ауаа знык аԥара агьама збаз, уи имариаӡаны изырҳауа, аанкылаша мчы ҳамаӡам", - азгәеиҭеит иара.
Қорсаиа иажәақәа рыла ас еиԥш ҳашцо ҳцалар, иааиуа аӡын азы ҳенергетика ҳалгоит.
"Иаанхаз атраснформаторқәа акакала, ҩба-ҩбала ибжьыслоит, ас еиԥш ақәыӷәӷәара рзычҳаӡом, иҳауа алашара ҳазхаӡом, аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахоит, ауаа еиҭа иархәалоит амаинингқәа, ирыԥшаалоит излаарго амҩақәа, аха убри аан амаининг аԥхьаҟатәи аԥеиԥш амоуп. Уи ахылаԥшра ӷәӷәа амазароуп аҳәынҭқарра аганахьала, иҟазароуп аԥҟарақәа. "Амшынеиқәафымцамч" атехникатә ҭагылазашьа изаԥнаҵароуп уи зҽазызкыр зҭаху изы, азин ылхны, ашәахтә акәҵаны, алашара ахә ақәҵаны, насгьы, ҭыԥла Гал араион ада афермақәа рыргылара азин ыҟамзароуп. Усҟан ацәаҳәақәа ақәыӷәӷәара роуӡом, уа алашара убыллар, иаҳа иныухуа алашарагьы маҷхоит",- агәаанагара ааирԥшит Қорсаиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
"Ҳазшаз игәра зго зегьы џьанаҭ ҳақәгәыӷуеит, уахь ақәшәаразы иаҳа имаҷны агәнаҳа умазароуп, ибзиоу аусқәа ныҟәугозароуп. Сара иаха амзаҿа ангыла, ҳәарада, сеигәырӷьеит. Ацәылаҷҷара иалгаанӡа, уажәы асааҭ 4 рзы ацәылаҷҷара иалагоит, убраанӡа жәа-минуҭк шыбжьоу ауаҩы акрифароуп, нас акрыфара аанкыланы амра ҭашәаанӡа иԥшоит. Саргьы убас сналагеит иахьатәи сымш. Ауаҩы игәабзиара иазеицәоу Ҳазшаз ԥҟарак ҳара иҳадиҵаӡом, абри аурычрагьы убас ауп ишыҟоу. Ахәыҷы ари идцалаӡам, уныҟәугартә уаныҟалак аамҭа инаркны иахьынӡаулшо иныҟәугоит. Иахьазы ҳаҩнаҭаҿы сыҷкәын дыурычуеит, сара, сан шьҭа лгәыбзиара иауӡом", - еиҭеиҳәеит Џьугьелиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, мшаԥы 14– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа Аҟәатәи ақалақьтә еизара Ахра Аҩӡба лаҵара 5 рҟынӡа ибаандаҩра аҿҳәара иахьацнаҵаз азы ахьчаратә ган Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь инанашьҭыз ашшыԥхьыӡ иақәшаҳаҭымхеит.
Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба дахьынхоз аҩнаҟны иаадырԥшит иҵәахыз абџьар, аџьаԥҳаны, ахархәага ҷыдақәа, арадиодырраҭара мҩаԥызго ашьақәгылақәа. Ашьаус хацыркын уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.
Хәажәкыра 7 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡбеи ихьчаҩцәа: Талех Гасанов, Аслана Гуатижев, Андреи Локтионов, Станислав Культа мызкы – мшаԥы 5 рҟынӡа ҭакрала ирхыргарц аӡбамҭа аднакылеит.
Мшаԥы 1 азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Станислав Культа, Андреи Локтионов, Аслан Гуатижев рырбаандаҩратә ҿҳәара аҽа мызкы ацнаҵеит, 2021 шықәса лаҵара 4 аҟынӡа. Убри аан аус аҽа лахәылак – Талех Гасанов иганахь ала Апрокуратура хада азыҳәа иақәшаҳаҭымхеит.
Мшаԥы 2 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡба лаҵара 5 рҟынӡа ибаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит.