Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Арҷелиаԥҳа COVID-19 аҟынтәи алаҵазы: згәы иаҭахны иҟало ирылаҳҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАнжела Арчелия
Анжела Арчелия - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2021
Анапаҵаҩра
COVID-19 аҟынтәи алаҵа раԥхьа Аԥсны иззыҟаҵахо, уи иадҵаало рацәаҩума атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Ауаажәлар ачымазара ҿкы рацәыхьчаразы акоординациатә штаб алахәыла, ареспублика атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа.
Арҷелиаԥҳа COVID-19 аҟынтәи алаҵазы: згәы иаҭахны иҟало ирылаҳҵоит

COVID-19 аҟынтәи алаҵа актәи апартиа Аԥсныҟа иаауеит хәажәкыра анҵәамҭазы ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы. Скорик иазгәалҭеит ареспублика алаҵа шазыҭмыжьуа, убри азы Аԥсны алаҵа анашьҭратә график ишаҵанакуа. Урыстәыла ахархәара змоу алаҵақәа "Спутник V", "ЕпиВакКорона" роуп, урҭ рыуа иарбану иаарышьҭуа ҳаздырам ҳәа азгәалҭеит Скорик. Аԥсны ауааԥсыра рзы алаҵаҟаҵара хәыдаԥсадахоит, ихатәгәаԥхаралахоит.

"Алаҵа анаалак, раԥхьа ирзыҟаҵахоит амедицина аусзуҩцәа, арҵаҩцәа. Акырынтә счымазаҩцәа сзаахьеит алаҵа анбаарго, ианбаҟало ҳәа. Арҭ амзақәа рзы иаҳбоит аковид чмазареи ҳареи ҳшеиҿагылоу. Ауаа зыԥсҭазаара иалҵыз рацәоуп уҳәар ауеит, ҳхыԥхьаӡара зламаҷу ала", - лҳәеит Арҷелиаԥҳа.

Лара убасгьы иазгәалҭеит Аԥсны ирзымдыркәа ачымазара зхызгаз ауаа шыҟоу, уи ус шакәу арҵабыргит ршьа ангәарҭа. Алаҵа ауаҩы иҟаиҵар ҟало иҟамло аҳақьым иҵаиҳәоит.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0